Хьрыԥс Џьопуа асоциалтә ԥгаԥса Афонд ахантәаҩыс далхуп

© Sputnik / Томас ТхайцукХьрыԥс Џьопуа
Хьрыԥс Џьопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәса цәыббрамза инаркны 2018 шықәса ԥхынгәымзанӡа Хьрыԥс Џьопуа Очамчыра араион ахадас дыҟан.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аусԥҟала Хьрыԥс Џьопуа Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд ахантәаҩыс далхуп. Абри атәы аанацҳауеит аиҳабыра рсаит.

Хьрыԥс Џьопуа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылоуп.

Глава Очамчирского района Хрипс Джопуа - Sputnik Аҧсны
Хьрыԥс Џьопуа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп

Аибашьра ашьҭахь аус иуан Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭа ахадас, нас араион ахадара ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабыс.

2013 – 2015 шықәсқәа рзы – Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аилак ахантәаҩы.

2015 – 2018 шықәсқәа рзы – Очамчыра араион ахада.

Абри аамҭазы еизырҳан араион абиуџьет, Очамчыреи Аҟәеи рыбжьара автомҩа аремонт азун, аӡымҩангагақәа шьҭаҵан, Ҭхьына ақыҭа ашкол аремонт азыҟаҵан, Очамчыра ақалақь ахәыҷбаҳча еиҭашьақәыргылан.

Афонд уаанӡатәи ахантәаҩы Амиран Какалиа аусбарҭа дахагылан 2015 шықәса раахыс.

Какалиа диит 1971 шықәса рзы Мықә ақыҭан. 1988 шықәса рзы абжьаратә школ далгеит. 1992 шықәса рзы дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, азиндырратә факультет. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылоуп. "Агәымшәараз" амедал ианашьоуп.

Абҵара 30 2018 шықәса рзы Какалиа Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрс дҟаҵоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0