Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Абыхәба: карате азы адунеи ачемпионат Аԥсны ишахәҭоу имҩаԥысып ҳәа ҳгәыӷуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Абыхәба
Ахра Абыхәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Карате -до Шотокан Казе Ха азы Аԥсны Афедерациа ахада, иара убас уи ақәԥара хкы азы Жәларбжьаратәи Афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, жәларбжьаратәи акатегориа змоу аӡбаҩ, Жәлар Реизара адепутат Ахра Абыхәба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит карате азы адунеи ачемпионат Аԥсны имҩаԥысраны ишыҟоу.
"Хра злоу ахҭысқәа": Абыхәба карате азы адунеи ачемпионат Аԥсны амҩаԥгара иазкны

"Иҳаҩсыз ашықәс ҳара ҳзы иманшәалан, ақәҿиара бзиақәа ҳзаанагеит. Мексика иҟаз жәларбжьаратәи ачемпионат аҟны ари аиҿкаара иалахәу 22 ҳәынҭқарра рҟынтәи жәаа рхы аладырхәит. Сеигәырӷьаны исҳәоит Аԥснынтәи ҳгәыԥ, ҳҩызцәа рыцхыраара абзоурала, уи ачемпионат ҳхы шалаҳархәыз. Аӡӷабцәа (Николь Агәмааԥҳа, Роза Бигәааԥҳа, Сима Ҳаразиаԥҳа - аред.) уажәшьҭа инструкторцәоуп, амаҟа еиқәаҵәақәа рымоуп, акомандатә қәгылараҟны актәи аҭыԥ ргеит, иара убас ркатегориақәа рҟны зегьы ахьтәы медалқәа ргеит. Саргьы аветерантә категориаҟны ахьтәы медал згеит. Ҳацәгьамкәа ҳхы ааҳарԥшит, ҳазлоу жәларбжьаратәи аиҿкаараҟны ҳфедерациа уажәшьҭа фаворитк аҳасабала иахәаԥшуеит уҳәар ауеит. Абар жәашықәса инацуп уи аиҿкаараҟны аус ҳуеижьҭеи. Апрезидиум аизараҟны зегьы аӡәк иеиԥш иақәшаҳаҭхеит 2021 шықәсазы Аԥсынтәыла акарате азы адунеи ачемпионат амҩаԥгара.

Иахьазы ҳазҭаху аҳәынҭқаррақәа иахьынӡаздыруа жәабаҟа ыҟоуп, уи аганахьала иҵегь аус ҳуроуп. Даҽа шықәсыки бжаки рҟынӡа аамҭа ыҟоуп, уи ахыԥхьаӡара иҵегьы еиҳахозар акәхап. Урҭ зегьы Аԥсынтәылаҟа иаауеит. Ҳара аԥшәмацәа раҳасабала зегьы ырмазеины ишахәҭоу ҳарԥылартә еиԥш иаҳзыҟаҵозар ҳәа ауп", - иҳәеит Абыхәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0