"Сынтәа ԥшьышықәса ҵуеит ҳаилак аҟны иаартуижьҭеи агәабзиареи активла аԥсшьареи рзы астудиа. Уи хәыда-ԥсадоуп ҳаҳҭнықалақь аҟны инхо аҿар рзы. Урҭ рахь иаҵанакуеит 14 инаркны 30 шықәса зхыҵуа рҟынӡа. Ҳастудиаҟны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа арбоуп: аԥсуеи Кавказ кәашарақәеи, афитнес, латинтәи акәашарақәа. Сынтәа алатин кәашарақәа ирҭаауа рхыԥхьаӡара маҷхеит аҟынтә иҳаӡбеит, урҭ рҭыԥан аиога ҟаҳҵарц. Уи адунеи аҟны азҿлымҳара амоуп, ҳаргьы иҳадҵаалон уи аганахьала, убри аҟынтә ус еиԥш асекциа ааҳартырц ҳаӡбеит. Аиога аинструктор иакәзар аԥышәа змоу иоуп. Мчыбжьык ахь хынтә аиԥыларақәа мҩаԥыслоит, агәаҳәара змоу иахьазы жәохәҩык рҟынӡа ашәҟәы рҽанырҵахьеит, егьырҭгьы ҳадҵааар ауеит ҳхеилак ахь, мамзаргьы асоциалтә даҟьаҟны иаҳзырҩыр рылшоит. Убасгьы сынтәа иалаҳгалеит апсихологиатә еиԥыларақәа. Аилак аҟны аҿар ркулб ҳамоуп, мчыбжьык ахь знык аҿари ҳареи ҳаиқәшәоит. Убра иит ухәар ауеит ари апроект. Шықәсык имҩапахгалоит, есымза апсихологцәа ҳаԥсахлоит. Иааиуа амзазы раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥаҳгап ҳәа ауп. Уи аицәажәара атема иазкызаауеит. Изҭаху ҳадҵаалар рылшоит, агәыԥ макьана аизгара ҳаҿуп", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Анҵамҭа иаҳа инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.