Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәарыцаҩ Инаԥшьба: абгалаџқәеи сареи еинышәашьа ҳамам

© Foto / из личного архива Мераба Инапшба Ашәарыцаҩ Инаԥшьба: абгалаџқәеи сареи еинышәашьа ҳамам
 Ашәарыцаҩ Инаԥшьба: абгалаџқәеи сареи еинышәашьа ҳамам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла инхо ашәарыцаҩ Мираб (Коҷа) Инаԥшьба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит абгалаџ ду ишьацҳәа ишаҿашәаз.
Ашәарыцаҩ Инаԥшьба: абгалаџқәеи сареи еинышәашьа ҳамам

"Арҭ (агыгшәыгқәа-аред.) иахьцо иахьаауа зегь ҭысҵаахьеит. Ашьацҳәа ахьсыргылаз иазымккәа зны иацәцахьан. Анаҩс ҿыц исҳаит. Ауха асааҭ ҩба рыбжа еиԥш алақәа рыбжьы дырцәгьеит, сшьацҳәа иаҿашәазаап. Адырҩаҽны сырахә еилырганы, схәыҷи сареи ацәқәа анҭаҳцоз, сшьацҳәа ахьгылаз саннеи иаргьы, иацрасҳәо акаҭагьы ыҟам. Ахәыҷы аҩныҟа дсышьҭын, ашәақь неигеит. Ҩышәҟа метра иаманы ицеит сшьацҳәеи сыкаҭеи шеицраҳәаз. Знык сеихсит, аха хьаас иамкит, аҩынтә раан исшьит. Ахәыҷи сареи иҳаманы ҳаан аҩныҟа, ацәа ҳарҟацеит, ахә бзиа аман. Акапан 70 кьыла еиҵамызт. Уи аԥхьагьы абгалаџ шьацҳәала скхьан, аҷкәынцәа ирбеит. Уажәтәи зегьы иреиҳаӡам, еиҳау 75 кьыла иҟазгьы сшьхьеит. Агыгшәыгқәа ауаа зегьы хҭаркит, аԥхасҭа ӷәӷәа ҟарҵоит, сгәы ԥыржәан срышьҭалеит", -ҳәа азгәеиҭеит Инаԥшьба.

Иара иҳәеит акыр шықәса раԥхьа аԥхасҭа рызҭаз абгалаџ ҩажәамш дшашьҭашәарыцуаз, анаҩс аԥсы ҭаны ауасақәа ахьҭаркуаз ишнеигахьаз. Уиижьҭеи аԥхасҭа ҟазҵо агыгшәыгқәеи иареи еинышәашьа рымам, ҳәа азгәеиҭеит ашәарыцаҩ. 

"Дара ақәыџьмақәагьы ршьа руеит. Саргьы сшәарыцаҩуп шәаргьы ус, ҳаиҭоуп ҳәа сҳәахьан, аха иаҟәымҵит, саргьы ҭаха рысҭом", -ҳәа длафуеит ашәарыцаҩ.

Иара иазгәеиҭеит ақыҭаҿы инхо арахә иныҟәнагароуп, аԥхасҭа рызҭо агыгшәыг изларылшо индырҵәароуп ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0