Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Даур Начҟьебиа Гәлиа ипремиазы: изанаршьахьоу рыбжьара иаԥсам ыҟаӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа "Алашара" аиҳабы Даур Начҟьебиа
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа Алашара  аиҳабы Даур Начҟьебиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиазы акомиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа "Алашара" аиҳабы Даур Начҟьебиа арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит апремиа аиура ус имариам ҳәа.
Начҟьебиа Гәлиа ипремиазы: изанаршьаз рыбжьара иаԥсам ыҟаӡам

"Хышықәса рыҩныҵаҟа иҭыжьыз аԥҵамҭақәа, аусумҭақәа апремиа аиуразы ианықәдыргылалак, аинформациатә хархәагақәа рҟны ирылацәажәоит, иӡырыргоит. Аԥхьаҩцәа иазгәарҭаз аусумҭақәа роуп, шамахамзар иқәдыргыло. Уи ашьҭахь аицлабрахь инаргоит. Акомиссиа иалоу рдырра, ргьама ҳаракуп. Дара иаԥсоуп ҳәа ирԥхьаӡо х-усумҭак алырхоит",- иҳәеит Начҟьебиа.

Иара иазгәеиҭеит Гәлиа ихьӡ зху апремиа аиура шымариам, аицлабра ӷәӷәоуп ҳәа.

"Апремиа зауа изыхәҭоу роуп, иреиӷьу аусумҭақәа рзы. Иҟоуп агәаанагарақәа, агәынамӡарақәа ас ишԥаҟалеи ҳәа, аха шамахамзхар Гәлиа ипремиа зауз иаԥсам ашәҟәыҩҩцәа, мамзар аҟазара аусзуҩцәа ыҟам. Убри аҟынтәи урҭ ацәажәарақәа ҵаҵӷәыдоуп",- ҳәа азгәеиҭеит Начҟьебиа.

Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ес-хышықәса иранаршьоит алитература, аҟазара иара убас архитектура аҟны иалкаау аусумҭақәа рзы. Аҳәынҭқарратә премиазы акомиссиахь аусумҭақәа рыдыркылоит ҳазҭоу ашықәс нанҳәа акынӡа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0