00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Кәарацхьелиа: Аԥснытәи акоманда ConIFA ачемпионат аҿы аиааира агар алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьелиа.
Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьелиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ConIFA аганахь ала Европа ачемпионат агәыԥқәа реиҿкааразы аҵәҭаԥсара мҩаԥысит Краков, ажьырныҳәа 27 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи акоманда ConIFA ачемпионат аҿы аиааира агар алшоит ҳәа азиԥхьаӡоит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьелиа.

ConIFA аганахь ала Европа ачемпионат аҵәҭаԥсара ашьҭахь Аԥсныи Ниццеи Чамериеи (Бырзентәыла аҩадатәи ахәҭа) ркомандақәа гәыԥк еицақәшәоны иҟалеит. Кәарацхьелиа игәаанагарала ари ҳкомандазы хра аиур алшоит.

Футбольный мяч - Sputnik Аҧсны
Европа ачемпионат ConIFA – 2019 азы аҵәҭаршәра мҩаԥысуеит Краков

"Аԥсны Паданиеи Ҟарабахи ирықәшәар рацәак иаҳзыманшәаламызт. Чамериатәи акоманда бзианы иҳаздырам. Урҭ рыхәмаршьа ҭаҳҵаашт. Чамериа сынтәа раԥхьаӡа акәны ачемпионат иалахәхеит. Ниццатәи акоманда иаадыруа командоуп - иӷәӷәоуп. Ҩынтә Европа иачемпионцәахахьеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьелиа.

Аԥснытәи еизго акоманда иаарласны аҽазыҟаҵарақәа ирылагараны иҟоуп.

ConIFA аганахь ала Европа ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Степанакерт, рашәарамза 1 -16 рзы. Иалахәхоит 12 команда. ConIFA аганахь ала Европа ачемпионат аҵәҭаԥсара ашьҭахь Аԥсныи Ниццеи Чамериеи (Бырзентәыла аҩадатәи ахәҭа) ркомандақәа гәыԥк еицақәшәоны иҟалеит. ConIFA аганахь ала Европа ачемпионат агәыԥқәа реиҿкааразы аҵәҭаԥсара мҩаԥысит Краков, ажьырныҳәа 27 рзы.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа ConIFA, шьаҭаркын рашәарамза 7 2013 шықәса рзы. Иара еиднакылоит FIFA аофициалтә еилазаара иалам ашьапылампылтә командақәа. Аилазаара иаҵанакуеит 40 команда.

2016 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысит ConIFA адунеи ачемпионат. Аԥшәмацәа атурнир аҿы аиааира ргеит, Адунеи иачемпионцәахеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0