Амазараз аҳәынҭқарратә еилакы 2018 шықәсазтәи аихшьаалақәа ҟарҵеит

© Sputnik / Сария КварацхелияАмазараз аҳәынҭқарратә еилакы 2018 шықәсазтәи аихшьаалақәа ҟарҵеит
Амазараз аҳәынҭқарратә еилакы 2018 шықәсазтәи аихшьаалақәа ҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аусбарҭа аколлегиа мҩаԥысит Аҟәа, ажьырныҳәа 29 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аусбарҭа Абжьаҟазаартә ӡбарҭахь инанашьҭит ашшыԥхьӡқәа быжьба анардадаҩцәа рганахь ала, абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Николаи Ачба.

"Иахьа иалацәажәараны иҟоуп ахатәтәра зызуу аобиект аҭира-аахәара аганахь ала аусӡбара. Анардадара аганахь ала аилаӡарақәа хԥа ԥыргоуп, аҽа х-еилаӡарак рганахь ала ауалшәараз аӡбрақәа мҩаԥысуеит", - иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аусбарҭа аколлегиаҿ иазгәаҭан ареспубликатә хатәра иаҵанакуа аренда зызуу аобиектқәеи ахатәрахьы иго аобиектқәеи реиҭашьақәыргылара ахылаԥшра аиӷьтәра ахәҭоуп ҳәа.

2018 шықәса рзы аусбарҭа ареспубликатә еиҿкаарақәеи анаплакқәеи аҳәынҭқарратә мазара ахархәара шарҭо агәаҭара мҩаԥнагон.

Гьемуа еиҭеиҳәеит амазареи ахатәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿаԥхьа иқәгылаз

"30 еиҿкаара гәаҭан, аха алҵшәақәа макьаназ еидаҳамкылац. Алҵшәақәа аихшьааларатә анализ ҟаҵахоит", - ҳәа иҳәоит Николаи Ачба.

Аусбарҭа 2018 шықәса рзы ареспубликатә мазара анардадаҩцәа рҟынтәи 21 миллион мааҭ ылнахит.

Заседание коллегии по репатриации - Sputnik Аҧсны
Ахатәтәразы аилак: қьыралатәи обиектқәа хылаԥшра арҭалоит

"Аусурақәа мҩаԥаагоит аобиектқәа зегьы ареспубликатә биуџьет ахь ашәахтәқәа аларгалаларц. 2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭаз 23 миллион рцынхәрас абиуџьет ахь инашьҭын 21 миллион мааҭ. Иҟоуп асасааирҭақәеи апансионатқәеи ашәахтәқәа ззымшәаз", - ҳәа иҳәеит ахатәтәразы аусбарҭа аҟәша аиҳабы Наур Гьемуа.

Аусураз аҳасабырба ҟалҵеит ареестр аҟәша аиҳабы Лутфиа Ҟалӷьы. Лара лажәаәқа рыла иҟоу апроблемақәа зыхҟьо араионқәа рхадацәа ианаамҭо ареестр аҟәша аус ахьацрымуоуп.

"Ареестр – зеиԥш базоуп. Ахадарақәа рҿы оперативла аус рулароуп. Еицхыраарада иаку абаза аус арура цәгьоуп", - ҳәа лҳәеит ареестр аҟәша аиҳабы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аусбарҭа ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа иазгәеиҭоит иҟаҵо акыр ишырацәогьы 2019 шықәса рзы иҟаҵатәны иҟоу шмаҷым.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0