Ахатәтәразы аилак: қьыралатәи обиектқәа хылаԥшра арҭалоит

© Sputnik Сария Кварацхелия Заседание коллегии по репатриации
Заседание коллегии по репатриации - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахатәтәразы аилак аҟәшақәа реиҳабацәа рколлегиа мҩаԥысит Аҟәа жәабран 1 азы.

АҞӘА, жәабран 1– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. 2018 шықәса рзы Аԥсны ахатәтәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахылаԥшра арҭалоит арендла игоу аобиектқәа рхархәашьа иҳәеит аилак ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа.

"Арендла игоу аобиектқәа хра рыманы ахархәара ирыҭалатәуп. Ус анакәымха арендаторцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ԥсахтәхоит. Уи хымԥадахоит", — иҳәеит аилак ахантәаҩы.

Ԥиԥиа иажәақәа рыла Аилак 2018 шықәсазтәи аусура ахырхарҭа шьақәыргылоуп.

"2018 шықәсазы ҳара аҳәынҭқарратә хатәтәра анапхгара ҿыц аус адааулалоит. Ҳара зегьы ҭаҳҵаахьеит. Еиҳарак азхьаԥшра раҳҭоит аекономика аминистрраҟынтәи арендла ирыҭоу, аха аус зымуа аобиектқәа", — иҳәеит Ԥиԥиа.

Амазареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩы Вахтанг Ԥиԥиа. - Sputnik Аҧсны
Ԥиԥиа: уаанӡатәи аилаӡарақәа аиҭарыхәаԥшра рҭахуп

Аколлегиаҿы аҟәшақәа реиҳабацәагьы русуразы инарҭбаау аҳасабырбақәа ҟарҵеит.

"2017 шықәса рыҩныҵҟа арендла иган 33 обиект. Урҭ рҟынтәи аобиектқәа хәба априватизациа рызун", — иҳәеит Аилак аусбарҭа аиҳабы Наур Гьемуа.

Иара ишиҳәаз ала Ареспубликатә биуџьет ахь арендтә шәарак аҳасабала инеиит 20 миллион мааҭ аԥара.

"2017 шықәса рзы арендатә еиқәышаҳаҭрақәа фба азырхиан. Аҟәша аусзуҩцәа азырхиара иаҿуп аҳәынҭқарратә наплакы "Аԥсныаихамҩа" анхарҭатә фонд арендла аҭаразы ақәҵара апроект", — иҳәеит иара.

Гьемуа иара убасгьы иазгәеиҭеит арендаз аиқәшаҳаҭра анамыгӡаразы ашшыԥхьыӡқәа ҩба шазырхиоу.

"2002 шықәса раахыс ҳаҟәша Аҳәынҭқарратә хатәтәра ареестр аршаҳаҭгақәа ралагаларазы азҵаара аус аднаулоит. Араҟа проблеманы иҳазцәырҵуеит аминистррақәеи аусбарҭақәеи аҳәынҭқарратә республикатә хатәтәреи дара рбалансқәа рҟны иҟоу аобиектқәеи реиҩдыраара ахьырҭахым. 2006 шықәса рзы аҳәара ҟаҳҵеит дара рбалансқәа рҟны иҟоу аобиектқәа зегьы шьақәдырӷәӷәарц", —  иҳәеит аҟәша аиҳабы.

Иахьа уажәраанӡагьы аҳәынҭқарратә обиектқәа реестр шьақәыргылам аминистррақәеи аусбарҭақәеи ианаамҭоу рбаланс аҿы иҟоу аобиектқәа рзы адыррақәа ахьыҟарымҵо.

Ажәабжьқәа зегьы
0