Асенатор Арашуков иаб дырбаандаҩуп

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсенатор Арашуков иаб дырбаандаҩуп
Асенатор Арашуков иаб дырбаандаҩуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асенатор Арашуков иаб Санкт-Петербург ддырбаандаҩит. Аусҭҵааҩцәа ргәаанагарала иара ацәгьоуцәа ргәыԥ даԥҵаҩуп, "Газпром" 30 миллиард мааҭ ацәӷьычра далахәуп.

АҞӘА, жәабран 1 - Sputnik. Москва, Басмантәи аӡбарҭа дарбаандаҩит уаанӡа иаанкылаз асенатор Рауф Арашуков иаб, "Газпром межрегионгаз" ахада иабжьагаҩ Рауль Арашуков ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Рауф Арашуков - Sputnik Аҧсны
Арашуков дырбаандаҩуп ауаҩшьра далаҟьашьуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу азы

Аӡбаҩцәа реилатәараҿы аусҭҵааҩ иазгәеиҭеит Рауль Арашуков ацәгьоуцәа ргәыԥ даԥҵаҩуп, "Газпром" 30 миллиард мааҭ ацәӷьычра далахәуп ҳәа.

Иара иҳәеит ацәгьоуцәа ргәыԥ ауаа рышьреи рӷьычреи инапы алакын ҳәа. Агәыԥ алахәылацәа рҟынтәи иҟоуп афедералтәи жәларбжьаратәи ашьҭазаара змоу.

Арашуков идырҵаз ахара мап ацәикит.

"Сара ахаангьы сыцәгьауҩымызт. Апрокурори аусҭҵааҩи иаарҳәо зегьы сара сзы иҿыцуп. Сусураҿы сыштәаз инеины сдырбаандаҩит", - ҳәа иҳәеит Арашуков в аӡбарҭаҿы.

Ахашаҽны, 32 шықәса зхыҵуа асенатор Рауф Арашуков Афедерациа ахеилак аилатәара азал аҟынтәи дырбаандаҩны ддәылган. Арашуков иламкьысра азин ихыхзарци ахара зду иаҳасаб ала иҿахәы иҿыхзарци рзы Афедерациа ахеилак еицҿакны иақәшаҳаҭхеит.

Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы иамоу адыррақәа рыла, Ҟарачы-Черқьесиа ахьӡала Афедерациа ахеилак алахәыла Рауф Арашуков аҿартә еиҿкаара "Адыгэ-Хасэ" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩи ареспублика ахада иабжьгаҩи рышьра далаҟьашьуп.

Рауф Арашуков Афедерациа ахеилак аилатәараҟынтәи дырбаандаҩны ддәылыргеит

Ажәабжьқәа зегьы
0