Децл аҵыхәтәантәи иклип ареппер анышә данамардо амшазы иӡыргахоит

© Foto / vk.com/russianrastamafia Кирилл Толмацкий
 Кирилл Толмацкий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Децл ҳәа еицырдыруа урыстәылатәи ашәаҳәаҩ Кирилл Толмацки иԥсҭазаара далҵит 35-шықәса дшырҭагылаз.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Ареппер иԥҳәыс Иулиа Толмацкаиа Instagram аҿтәи лаккаунт аҟны амузыкант иԥсра аламҭалаз иазырхиаз аклип далацәажәеит. Иара ӡыргахоит ашәаҳәаҩ анышә данамардо амш аҽны, жәабран 6 рзы.

"YouTube, аканал Detsl aka Le Truk аҿы ашьыжь, асааҭ жәба шыҟоу иаатуеит амузыкатә видео ҿыц, Кирилл аамҭақәак раԥхьа аус здиулоз", - ҳәа лыҩуеит  Толмацкаиа.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, амузыкант аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит жәабран 6 асааҭ  11:00 рзы. Децл анышә дамардоит Пиатницктәи аԥсыжырҭаҿы.

Децлиԥсҭазаара далҵит амҽыша. Иара  35 шықәса ихыҵуан. Артист Ижевск имҩаԥысуаз аконцерт ашьҭахь игәы ихьит. Аконцерттә директор Павел Беленец ишиҳәаз ала, иԥсра мзызс иамоу игәы ахьаангылаз ауп.

Децл идебитуттә альбом "Кто ты?" ҭыҵит 2000 шықәса рзы. Иара иҭаиҩхьан альбомқәа ааба. Деицырдыруан ахитқәа: "Вечеринка", "Слезы", "Письмо", "Для тебя" рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0