Лавров Иапониахь ааԥхьара ҟаиҵеит Курилы Урыстәыла асуверенитет ишаҵанакуа азханаҵарц

© AFP 2023 / FABRICE COFFRINIГлава МИД России Сергей Лавров
Глава МИД России Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иапониатәи амассатә-информациатә хархәагақәа уаанӡа ирыҩуан Курилтәи адгьылбжьахақәа америкатәи аракетақәа рыргыларазы зеӷьаҭам ҭыԥуп ҳәа.

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Иапониа Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аихшьаалақәа азханаҵароуп, Курилтәи адгьылбжьахақәагьы Урыстәыла асуверенитет ишаҵанакуа  азханаҵароуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Иара иажәаәқа рыла, Урыстәылеи Иапониеи рхадацәа аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы реиҿцәажәарақәа дырцыхцыхроуп.

"Ҳара ари азҵаара ҳазыҟаҵоуп. Аха актәи ашьаҿа аҟаҵара зуалу Иапониоуп. Уи ашьаҿала Иапониа Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аихшьаалақәа азханаҵароуп, Курилтәи адгьылбжьахақәагьы Урыстәыла асуверенитет ишаҵанакуа  азханаҵароуп", - ҳәа иҳәеит Лавров.

Премьер-министр Японии Синдзо Абэ - Sputnik Аҧсны
Иапониа аԥыза-министр: Урыстәылеи ҳареи ҳаԥхьаҟа "аамҭа ҿыцқәа" ҳзыԥшуп

Уаанӡа аҭыжьымҭа Japan Business Press аҟны ирыҩхьан арҭ адгьылбжьахақәа ргеографиатә ҭагылазаашьа инақәыршәаны америкатәи аракетақәа рыргыларазы зеӷьаҭам ҭыԥуп ҳәа.

Иапониатәи аҭыжьымҭа автор иазгәеиҭоит аракетақәа ара ргылара Аокеанҭынчтәи афлот иатәу амшынбаӷәаза Владивосток ахылаԥшра аҭароуп иаанаго ҳәа.

Урыстәыла Афедерациатә хеилак атәылахьчареи ашәарҭадареи аилак алахәыла Франц Клинцевич уи аҭакс иҳәеит Japan Business Press астатиа - провокациатә ҟазшьоуп иамоу ҳәа.

1956 шықәса рзы Асовет Еидгылеи Иапониеи рнапы аҵарҩит Аицдекларациа. Уи аҟны Москва ақәшаҳаҭхеит адгьылбжьахақәа Хабомаии Шикотани Иапониа аҭара азҵаара ахәаԥшра. Иара убри аан Кунашири Итурупи рыӡбахә иалацәажәамызт. СССР агәаанагарала, абри адокумент аимак еилнаргар акәын. Иапониа акәзар, адокумент апроблема аӡбра иахәҭакны иахәаԥшуан.

Иапониа адгьылбжьахақәа Кунашир, Шикотан, Итуруп, Хабомаи иара иатәны иаԥхьаӡоит. Иапониа урҭ рырхынҳәра ихадоу акәны иаԥхьаӡоит Урыстәылеи иареи рыбжьара аҭынчраз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан.
Уаанӡа Владимир Путин ажәадгала ҟаиҵахьан иҷыдоу аҭагылазаашьақәа ирыхьмырԥшыкәа Токиои Москвеи аҭынчраз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0