Афонд "Ашана" Лиана Гокориан лзы аԥареизгара иалагеит

© Sputnik Лиана с мамой
Лиана с мамой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" згәабзиара уашәшәыроу Лиана Гокориан лзы аԥареизгара иалагеит.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Лиана Гокориан лыбла гәыҭбаақәа ажурналистцәа дыршанхеит. Лара лакәзар дыԥхашьон.

Лиана лан ишылҳәо ала, лара ддизаинерхар лҭахуп. Уажәнатә аиԥкақәа, аҵкы ԥшӡақәа лаҳәшьеиҵбы Сиузанна илзылӡахуеит.

"Зны-зынла ашәҭқәа ақьаад иалхны иҟасҵалоит", - ҳәа лҳәоит Лиана иныҵакны.

Лиана 15 шықәса лхыҵуеит. Ҽааны аушьҭратә ԥышәарақәа лҭиуазар акәын аха абар шықәсык ҵуеит ашкол ахь дымныҟәоижьҭеи. Лара даниуаз лыжәтәахы ылыҩрны диит. Ахәыҷы амалыр шлымаз ангәарҭаз ҩышықәса лхыҵхьан.

"Лара акраамҭа аныҟәара даламгеит, даналагагьы дцыркьуан. Нас игәаҳҭеит лызшьапык аҩыза аасҭа еиҳа ишкьаҿыз", - ҳәа еиҭалҳәоит Лиана лан Лиудмила Устиан.

Ахәыҷы  Еревантәи аклиникақәа руак ахь дыргеит аха аҳақьымцәа 20 шықәса лхыҵаанӡа аоперациа аҟаҵара мап ацәыркит.

Благотворительная акция КБФ Ашана в поддержка Асланы Джинджолия - Sputnik Аҧсны
"Ашана" ашықәс аихшьаалақәа ҟанаҵоит: сынтәа миллионк ала еиҳаны еизаагеит

2015 шықәса рзы Гокорианаа рҭаацәа афонд "Ашана" ахь иҟарҵаз аҳәарала аԥара еизган. Новосибирсктәи аҭҵаарадырратә институт аҿы Лиана аоперациақәа хԥа лзыҟаҵан. Лиана лшьапы аиҵыхразы Илизаров иаппарат абаҩгәыцә иҭадыргылеит.

Лныҟәашәа маҷк ишеиӷьхазгьы аҭаацәа шақәгәыӷуаз еиԥш изыҟамлеит.

2018 шықәса рзы аҳақьымцәа аппарат ахьҭагылаз ишәуа иалагеит рҳәеит. Уажәы аппарат ҭыганы ахәышәтәра мҩаԥгатәуп.

"Аоперациа хымԥадатәиуп. Аоперациа ҟаҵамхар Новосибирск имҩаԥыргаз аус зегьы лҵшәадахоит", - иҳәеит Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым-ортопед  Владислав Чернов.

Ереванәи аҳақьымцәа уажәшьҭа иақәшаҳаҭуп аоперациа аҟаҵара. Лиана илзыԥшуп Ереван амедицинатә центр "Сурб Аствацаймар" аҟны.  Аоперациаз иахәҭаны иҟоуп 350 нызқь мааҭ. Уи ахәҭак – 50 нызқь мааҭ афонд "Апсны" иашәахьеит.

Лиана Гокориан ацхыраара лыҭашьас иҟоу атәы аилкаара ауеит афонд "Ашана" асаит аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0