Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба еиҭеиҳәеит Франциеи Аԥсныи ринститутқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра зызку

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсныи Франциеи ринститутқәа археологиатә ҭҵаарақәа рганахьала аусеицуразы аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ашәба археологиатә ԥшаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра иазкны

"Ҳархеологцәа алахәымкәа Аԥсны ажрақәа рымҩаԥгара азин ыҟам. Урыстәылеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьоуп археологиатә ԥшаарақәа, аҭҵаарадырратә усурақәа реицымҩаԥгаразы. Археологиатә институт аҟынтәи есышықәса иааны ажрақәа мҩаԥыргалоит шьҭа жәашықәса инацны Тҟәарчал, Ешыра, уҳәа егьырҭ аҭыԥқәа рҿы. Убас еиԥш азҿлымҳара аадырԥшит Франциатәи ақалақь Бордо иҟоу ажәытә баҟақәа ҭызҵаауа аинститут аҟны. Дареи ҳареи ҳаилахәны аус ҳур рҭахуп, еиҳаракгьы аинтерс рымоуп Аԥснынтә еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла Франциаҟа инанагаз, археолог "еиқәаҵәақәа" рыԥшаамҭақәа, урҭ адунеи аинститутқәа, амузеиқәа азҿлымҳауп, иаархәоит. Дара рахь инанагазгьы ыҟоуп Аԥсны ирԥшааз. Археолог иԥшаах иахьиԥшааз атәылаҟны инхароуп, уи ҳара ҳмазароуп. Археолог еиқәаҵәақәа ирҭиуа рзгьы иҵаауеит иабашәыԥшаа ҳәа.

Франциа анаука иаҿу, археологиатә ԥшаарақәа знапы рылаку аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит Аԥсны иахьаҵанакуа аус еицаҳурц, аиҭанаиааиразы, астудентцәа, аҵарауаа асеминарқәа рхы рыладырхәларц,  археологиа иаҵанакуа азы аинформациа аимдаразы", - иҳәеит Ашәба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0