Ҩ қалақьк "рдерби" : аицлабра "Бреин-ринг" Очамчыра имҩаԥысит

© Фото : Аинар ҶыҭанааБреин-ринг Очамчыра амҩаԥысра
Бреин-ринг Очамчыра амҩаԥысра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра имҩаԥысит "Бреин-ринг" захьӡу ахшыҩтә еицлабра. Уи иалахәхеит Галнтәи, Очамчырантәи, Аҟәантәи ашколхәыҷқәа ргәыԥқәа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аицлабра ҭыӡшәада имҩаԥысырц азы иара еиҿызкааз аҿар реилазаара "Сара исылшоит" ("IQan") мышқәак раԥхьа имҩаԥнагахьан аҽазыҟаҵаратә хәмаррақәа. Уаҟа ашколхәыҷқәа иреилыркаан аицлабраан ииашаны ухы шымҩаԥгатәу аԥҟарақәа. Аха зегьакоуп, еизаз аинтеллектуалцәа хшыҩла аицлабра иалагаанӡа "Сара исылшоит" аԥхьагыла Маҭе Ҵкәитариа даҽа зныкгьы абжьгаратә ажәақәа реиҳәеит. Ҵабыргны, бжьынтәы ишәаны знык иԥуҟар еиҳа еиӷьуп.

Маҭе Ҵкәитариа - Sputnik Аҧсны
Сара исылшоит - уаргьы иулшоит: Очамчыратәи аҿар реихьӡарақәа

Иара убас, ахҭыс хада иалагаанӡа еизаза идырбан авидеонҵамҭа. Уаҟа, "Иарбан?Иаба?Ианба?" захьӡу хшыҩла аицлабраҿы зыхьӡ хара инаҩхьоу ахәмарҩцәа Аик Казазиани Борис Бурдеи аԥсуа интеллектуалцәа рзы абжьгаратә ажәақәа рҳәеит, насгьы ирзеиӷьаршьеит ақәҿиара дуқәа. Ашколхәыҷқәа ракәзаргьы, кыр ргәы азҭанаҵеит арҭ рҩыза аҟазацәа ҷыдала дара рахь рхы рханы иахьцәажәаз. Нас иалагеит ахәмаррагьы.

Зынӡа ихәмаруан быжь гәыԥқ: Галнтәи-4, Очамчыратәиқәа ҩба, насгьы Аҟәатәи акоманда. Бреин-ринг афиналтә хәмаррахь ацаразы агәыԥқәа еихша-еихшаны имҩаԥган афиналбжатә хәмаррақәа хԥа. Командацыԥхьаӡа ирзыԥҵәаз астолқәа ирыман акака кнопка. Амҩаԥгаҩ азҵаара данаԥхьалакь нахыс ҩажәа секунд ирҭагӡаны аҭак ҟаҵалатәын. Аԥхьа акнопка иақәыӷәӷәаз - аҭак аԥхьа иҟаиҵон, аха ииашаны изыҟамҵар уи азҵаара ықәгыланаҵы икоманда ахәмарра азин рымамызт. Абасала, аиааира агаразы адыррақәа рымацара ирылшоз рацәамызт, аласрагьы ароль ӷәӷәа нанагӡон.

Актәи афиналбжаҟны еиԥылеит Галтәи "Ельдорадо", Аҟәатәи "Омлет", Галтәи "5-тәи аелемент". Аиԥылара ахы инаркны "Ельдорадо" аԥыжәара аго иалаган, 4:0 ҳәа шьаҿаӷәӷәала афинал азнеира иаҿын. Аха аҵыхәтәан аспорт аҟны "come back" ҳәа изышьҭоу ҟаларц аԥсык ауп иагхаз. Аҟәатәи "Омлет" акәзар, зҵаара заҵәык ауп изҵахаз. Абар актәи афиналбжа алҵшәақәа: "Ельдорадо" - ф-кәаталак, "Омлет" - хә-кәаталак, "5-тәи аелемент" - ԥшь-кәаталак.

Своя игра раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Раԥхьа акнопка иақәыӷәӷәо: "Своя игра" раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит

Аҩбатәи афиналбжа ҳалацәажәозар, даҽа спорттә терминк ҳхы иаҳархәар ҟалоит: ақалақьтә "дерби". Избан акәзар уи аҟны еиԥылеит Очамчыратәи ашколқәа ҩба: аурыс школи аԥсуа школ-интернати. Араҟа 4:2 ҳәа аурыс школ аиааира рылшеит.

Ахԥатәи афиналбжаҿгьы иҟалеит "адерби", аха уажәшьҭа Галтәи: еицыхәмаруан Актәи Гал ашколи "Аҳәса рхәыцшьа" захьӡыӡ Галтәи акомандеи. Ари аиҿагылараҟны егьырҭ ҩба рҟны аасҭа аҭак иашақәа ахьмаҷыз аҟнытә азныказы ахәмарра угәы ақәҿыӷьыртә иҟан. Аха аамҭа хада 2:2 ҳәа еиҭахарала инҵәаны раԥхьатәи аҭак иаша аҟынӡа ахәмарра аҿанаанаха, ауадаҟны игәауҭартә "иаашоурахеит". Арԥарцәа иагьа ҽышәара ҟарҵазаргьы, ишакәхалакь "Аҳәса рхәыцшьа" атәы ианаргеит, 3:2 ҳәа ҟазшьала ириааит.

Имариаӡоу алогика излаҳәоз ала афиналтә хәмарра зегь раасҭа аинтерес аҵаны имҩаԥысыр ахәҭан. Избан акәзар еиԥылеит иреиӷьхаз х-командак. Аха "аинтрига" ҳәа изышьҭоу аицлабра "агәаӷь" раԥхьатәи азҵаарақәа рылагьы "иԥсхьан". Ахы ақәгәыӷра ду аарԥшны, жәа-кәаталак еизганы, Очамчыратәи бреин ринг иаиааит Галтәи "Ельдорадо". Очамчыратәи 2-тәи аурыс школ ԥшьынтә ииашаны аҭакҟаҵара рылшеит, "Аҳәса рхәыцшьа" акәзар, афинал аҟны знызаҵәык мацара ауп ииашаны аус анауз, аха уи алҵшәагьы азхеит ахԥатәи аҭыԥ аҟны анхаразы.

Дана Куджба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыџԥҳа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы: ирыдҵаало есышықәса рхыԥхьаӡара иацлоит

Аицлабра "Бреин ринг" аӡбаҩ, Очамчыра аҿари аспорти рзы ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Фаина Кондратиева иазгәалҭеит агәыԥқәа зегьы рыхәмаршьатә ҩаӡара шеиԥшым.

"Аицлабра – еицлаброуп. Аӡәы еиҳа еиӷьны дазыҟаҵоуп, егьи - маҷк уи иаасҭа дхьысҳаны. Аха зеиԥшла иаҳҳәозар, игәоуҭартә иҟоуп ашколхәыҷқәа гәацԥыҳәарала хшыҩла аицлабрақәа рхы шрыладырхәуа, уи дара рзы ишыгәҿыӷьрам. Хаҭала саргьы гәахәара дула аамҭа схызгеит. Кыр ихәарҭазар ҟалап лассы-лассы ас ҳаиԥылалар", - лҳәеит лара.

Бреин ринг ачемпионцәа ракәзар, рыхәмаршьа ахҳәаа азыҟаҵара инаҿаршәны мап ацәыркит. "Ҳара ҳамаӡақәа хаҳтӡом", - абас иҿахиҵәеит сара сызҵаара урҭ раԥхьагылаҩ. Аха насшәа руаӡәы "иаҭәеишьеит" ажәақәак рҳәара.

© Фото : Аинар ҶыҭанааБреин-ринг аҟны аиааира згаз агәыԥ
Ҩ қалақьк рдерби : аицлабра Бреин-ринг Очамчыра имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Бреин-ринг аҟны аиааира згаз агәыԥ

"Ҳара заанаҵы ҳаизаны ҳҽазыҟаҳамҵаӡеит, ҳдыррақәа ҳрықәгәыӷны ахәмаррахь ҳааит. Ишыжәбо еиԥш, ҳтактика аус ауит", - ихитит "амаӡа" агәыԥ "Ельдорадо" алахәыла Гьаргь Абшьлаа.

Ахԥатәи аҭыԥ аанызкылаз "Аҳәса рхәыцшьа" агәыԥи, аҩбатәи аҭыԥ зҽаԥсазтәыз Очамчыратәи 2-тәи ашколи арҵагатә ҳамҭақәа ранашьан. Аиааира згаз ельдорадаа ракәзар, иранашьаз абилеҭқәа рыла лассы Аурыс драматә театр иаҭааны "Кьоџьаа рҭыӡшәа" иахәаԥшуеит.  

Аҿар реилазаара "IQan" ("Сара исылшоит") хшыҩла аицлабра "Бреин ринг" мҩаԥнагеит "Аинтеллект аҩны" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ари апроект аусура мҩаԥысуеит Евроеидгылеи ООН Аҿиара апрограммеи еицырзеиԥшу апрограмма ацхыраарала. Иара убас адгылара ҟанаҵеит Очамчыра араион аҿари аспорти рзы ахеилак.

Ажәабжьқәа зегьы
0