Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа ашьа арҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБлаготворительная акция по сдаче крови
Благотворительная акция по сдаче крови - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи 25 литра рҟынӡа ршьа арҭеит.

АҞӘА, жәабран  15– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база аруааи Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруааи агәыҳалалратә акциа "Удонорха. Уи ада ԥсыхәа змам ачымазцәа ушьа рыҭ" рхы аладырхәит. Акциа мҩаԥысуан ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы.

Атәылақәа аҩба рыруаа рдонортә акциа мҩаԥысит раԥхьаӡа акәны. Аԥсны атәылахьчара аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара анапхгара аштаб аиҳабы Тариел Лепсаиа иажәақәа рыла, иара азкуп асовет ар Афганисҭан ралгара ҩеижәижәаба шықәса ахыҵра амш.

Учения ЮВО в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

"Ауснагӡатә изҭаху мацара ихы алаирхәуеит. Изҭахыз зегь зымааиит, избанзар арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит", - ҳәа иҳәоит иара.

Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа акурсант Дмитри Қәаранӡиа раԥхьаӡа акәны ишьа риҭоит.

"Ҳара есыҽны иҳаҳауеит амашәырқәа шыҟало. Издыруада сшьа аӡәы изы ихәарҭахаргьы", - иҳәоит аруаҩ.

Урыстәылатәи арратә база аруаҩ Сергеи Анчихров ԥшьынтәуп донарҵас ишьа риҭоижьҭеи. Иара ишьа аҩыза змоу дмаҷуп ахԥатәи агәыԥ иаҵанакуеит.

"Аԥхьа ашьа анрысҭоз издыруаз, ашьа рацәаны изцәыӡыз ауаҩ изы ирысҭеит.  Уажәы исҭахуп  Аԥсны ашьа зҭахны иҟало дарбанызаалак сихәарҭахарц", - ҳәа иҳәоит иара.

Ашьа злырхуа ршьақәыӷәӷәара гәарҭоит, алаҵақәы рымоу ирымаму иазҵаауеит, аҿкы чымазарақәа рыхьхьоу ирмыхьхьоу еилыркаауеит.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа алабораториа аиҳабы лажәақәа рыла дарбанызаалак зшьа злызхуа аҽаӡәы иԥсҭазаара еиқәирхоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукБлаготворительная акция по сдаче крови
Урыстәылеи Аԥсныи рыруаа ашьа арҭоит - Sputnik Аҧсны
Благотворительная акция по сдаче крови

"Иахьа ашьа рацәаны иҳарҭеит. Асеиԥштәи акциа ауаа еиднакылоит. Милаҭла еиԥшым, еиԥшым аҳәынҭқаррақәа иртәу еидгыланы аус бзиа ҟарҵеит", - ҳәа лҳәоит аҳақьым.

"Акциа "Удонорха. Уи ада ԥсыхәа змам ачымазцәа ушьа рыҭ" иалахәыз Урыстәылеи Аԥсни рыруаа  25 литра адонортә шьа еизыркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0