Галапагос ирбеит зышьҭра ыӡхьеит ҳәа иршьахьаз акәуа

CC0 / / Акәуа
Акәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абри акәуахкы аҵарауаа рылаԥш иҵашәахьан аҵыхәтәан 1906 шықәса рзы.

АҞӘА, жәабран 22 — Sputnik. Галапагостәи адгьылбжьахақәа реилазаараҿы шәагаала ахԥатәи аҭыԥ аанызкыло адгьылбжьаха Фернандина аҵакыраҿы ирбеит акәуахк Chelonoidis Phantasticus. Аҵыхәтәантәи ашәышықәсазы ари ахкы ыӡхьеит ҳәа ишьан. Абри атәы аанацҳауеит Daily Mail.

Аҭыԥантәи Амилаҭтә парки аекологиатә еиҿкаара Galapagos Conservancy-и иеиҿыркааз аекспедициа иалҵшәахеит ари акәуа ду аԥшаара.

Гагра акәуа ду рбеит

Иахьатәи аамҭазы Галапагос иҟоуп акәуа дуӡӡа хкқәа 11.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0