2020 шықәса рзы Урыстәыла ицәырҵыр ауеит арныҟәцаразы аелектронтә зинтә шәҟәқәа

CC0 / / Арныҟәцаразы аелектронтә зинтә шәҟәы
Арныҟәцаразы аелектронтә зинтә шәҟәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ишәарҭадоу амҩатә ныҟәаразы аҳәынҭқарратә инспекциа (ГИБДД) аиҳабы иажәақәа рыла, 2020 шықәса рзы Урыстәыла амашьынарныҟәцаҩцәа рзы аелектронтә зинтә шәҟәқәеи амашьына аҭаҩразы аршаҳаҭгақәеи цәырҵыр рылшоит.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла Ишәарҭадоу амҩатә ныҟәаразы аҳәынҭқарратә инспекциа (ГИБДД) аиҳабы Михаил Черников РИА Новости аинтервиу аҭо, иҳәеит 2020 шықәса рзы Урыстәыла амашьынарныҟәцаразы аелектронтә зинтә шәҟәқәеи амашьына аҭаҩразы аршаҳаҭгақәеи цәырҵыр рылшоит ҳәа.

"Адыррақәа релектронтә база аныҟамыз, амашьына ауаҩытәыҩса ршаҳаҭгас имаз арныҟәцаразы азинтә шәҟәы акәын. Уажәшьҭа ари аус акыр иманшәалахоит аинформациатә системақәа рыбзоурала", - иҳәеит иара.

Черников ишазгәеиҭаз ала, алагала ҿыц иԥаршеиу адокументқәа рымазаара аԥнарҟәҟәаауеит, иара убасгьы ԥшрала иеиԥшу арныҟәцаҩцәа документк рхархәара аԥнахуеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0