Америкатәи аҳаирплан Амшын еиқәа Урыстәылатәи аԥшаҳәаҿы аԥшыхәра мҩаԥнагеит

CC BY-SA 2.0 / Flickr/Tomasz Dunn / ЕАА аҳаирплан Boeing P-8A Poseidon
ЕАА аҳаирплан Boeing P-8A Poseidon - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аԥшыхәра мҩаԥызго аҳәаанырцәтәи аҳаирпланқәа, еиҳаракгьы америкатәиқәа, лассы-лассы Урыстәыла аҳәаа ааигәара ирбоит.

АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. ЕАА арра-ҳаиртә мчрақәа рҳаирплан Boeing P-8A Poseidon Урыстәыла амшын аԥшаҳәа аҵакыра ҭанаԥшыхәуан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амониторингтә ресурс PlaneRadar адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

PlaneRadar ишаҳәо ала, аҳаирплан Boeing P-8A Poseidon ВМС США (LD-764 VP-26), аномер 168764 шьҭыԥрааит италиатәи авиабаза Сигонелла аҟынтәи. Иара аԥхьа игәарҭеит Болгариа аҳаиртә ҵакыраҿы, уи ашьҭахь - Амшын еиқәа аҵакыраҿы. Асааҭ 19:05 рзы иара абазахь ихынҳәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0