"Асҭамыр Логәуа азакәан апроект адепутатцәа ианрыдигала ашьҭахь, ацәажәарақәа ахылҿиааит. Адепутат Баҭал Табаӷәуа иазгәеиҭеит, азакәан анрыдыркылалак ашьҭахь зҵаара хаданы иқәгылоу иара аусура иалаго иаламгоу шакәу. Иара игәаанагарала, иахьа азакәан апроект шыҟоу ала адкылара ахәҭам, уи аус ауразы Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла аԥсахрақәа алагалатәуп. Ус еиԥш агәаанагара имоуп Жәлар Реизараҿы иҟоу Аԥсны Рхада ихаҭарнак Дмитри Шамба, иара иазгәеиҭеит 2015 шықәса рзы Аԥсны ишрыдыркылаз акоррупциа иаҿагылоу азакәан, аха иахьа уажәраанӡагьы иара аус шамуа, избанзар иахәҭаз аусмҩаԥгатәқәа нагӡамызт. Актәи аԥхьарала ирыдыркылеит, аха анаҩс еиҭа аус адулатәуп ҳәа азгәаҭаны. Ачынуаа рмазара ашәҟәы аҭагаларазы азакәан адкылара дырццакуеит ауаажәарра рхаҭарнакцәа, дара Аԥсны Жәлар Реизара ахыбрахь инеиуеит, уи ауп ари азҵаара амшхаԥштә ахь алагалара зыбзоуроугьы", - иҳәеит Аҩӡба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.