Пакистан аԥыза-министр Индиа адиалог иадиԥхьалоит

© AP Photo Thomas PeterИмран Хан
Имран Хан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Равиш Кумар аҳәамҭа ҟаиҵахьан Пакистан арра-ҳаиртә мчрақәа рҳаирплан аимак ззыҟоу арегион Кашмир аҿы ишкажьыз, Индиатәи агангьы аҳаирплан МиГ-21 ацәыӡит.

АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Пакистан аԥыза-министр Имран Хан Индиа анапхгара адиалог иадиԥхьалеит, Кашмир араион аҿы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Индиатәи анапхгара сразҵаар сҭахуп: даргьы ҳаргьы иҳамоу абџьар ҳазхәыцыр ада ԥсыхәа ҳаманы иҟоума? Аибарххара ҳабакылнагашеи? Сара ма Индиа аԥыза-министр Нарендра Моди иҳампыҵҟьар аҭагылазаашьа? Сара зегь bаасыԥхьоит аиҿцәажәарахь", - ҳәа иҳәеит Имран Хан амилаҭ рахь авидеоҳәамҭа аныҟаиҵоз.

Соревнования расчетов ПВО Мастера противоздушного боя - Sputnik Аҧсны
Пакистантәи аруаа Индиа аҳаирпланқәа ҩба карыжьит

Уи адагьы иара иазгәеиҭеит ахшыҩ аԥыжәара агап ҳәа дышгәыӷуа.

Уаанӡа "Индиа иацы имҩаԥнагаз ажәылара аҭакс Пакистан арра-ҳаиртә мчрақәа иахьа ашьыжь ахылаԥшратә цәаҳәа аҳәаа иахысны Индиатәи арратә ҳаирпланқәа ҩба карыжьит. Аҳаирпланқәа руак каҳаит Азад Кашмир иахьаҵанакуа, егьи – ахылаԥшратә цәаҳәа иахьаҵанакуа", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Пакистан арратә мчрақәа рыпресс-маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Асиф Гафур.

Индиеи Пакистани реизыҟазаашьақәа рҽеиҭаркит Индиатәи арратә ҳаирпланқәа 12–"Мираж" 2000 жәабран 26 асааҭ 03:30 рзы ареид амҩаԥгараан тонна-тоннак иҟоу абомбақәа агәыԥ "Джаиш-е-Мухаммад" аҽазыҟаҵаратә лагер ианаларыжь ашьҭахь. Абри ҟалеит аисламистцәа ргәыԥ "Джаиш-е-Мухаммад" алахәыла Джамму Кашмир аҿы иҽанԥижәа ашьҭахь. Усҟан 45-ҩык ауаа аахақәа роуит.

Ниу-Делии Исламабади рыбжьара аибарххара иҟаз еиҳагьы аҽарҵарит.

Джаммуи Кашмири аштатқәа рҿы ирацәоуп атеррористтә гәыԥқәа аштатқәа рхьыԥшымра, ма Пакистан радҵара иадгыло. Убри аан абри аҭыԥ аҿы Индиеи Пакистани рыбжьара аофициалтә ҳәаа ыҟам. Ар еиҟәызшо "ахылаԥшратә цәаҳәоуп".

Ажәабжьқәа зегьы
0