Америкатәи аинрал иазгәеиҭеит урыстәылатәи аракетақәа риааира шзалымшо

© Foto / ВС РФИзображение ракеты 3М22 "Циркон"
Изображение ракеты 3М22 Циркон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАА азы реиҳа ишәарҭаны иҟоуп аҵыхәтәантәи аамҭазы иҭыжьу амҵәыжәҩа змоу аракетақәеи аӡаҵаҟатәи аппарат "Посейдони" ҳәа азиԥхьаӡоит атәыла арратә мчрақәа рстратегиатә напхгара аиҳабы.

АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Америкатәи аинрал Џьон Хаитен иазгәеиҭеит урыстәылатәи аракетақәа риааира шзалымшо, убри аҟнытә Москвеи Вашингтони рыбжьара аиқәшаҳаҭра СНВ-3 аҿҳәара иацҵатәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, RT адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Флаг США - Sputnik Аҧсны
ЕАШ: амҵәыжәҩа змоу аракетақәа Европа рыргылара ҳгәы иҭаӡам

"Жәашықәса инарзынаԥшуа аҭагылазаашьа сацклаԥшуеит агәҭынчымрагьы сымоуп. Ҳара апроблемақәа ҳазцәырҵыр ауеит. Иахьазы атәыла ахьчара сылшоит, аха уаҵәы сҭыԥ аҿы иааиуа рзы уи уадаҩхар ауеит", - иҳәеит Еиду аштатқәа рырратә мчрақәа рыстратегиатә напхгара аиҳабы Хаитен.

Аинрал иҳәеит иахьатәи америкатәи асистемақәа урыстәылатәи аракетақәа аԥхьаҵәҟьа рбара рылшоит аха нас арадарқәа рҟынтәи иӡуеит ҳәа.

Аинрал асенат ахь ааԥхьара ҟаиҵеит арбџьар мчқәа рырҿыцразы аԥаразоужьра мҩаԥгазарц.

Аиқәшаҳаҭра СНВ-3 – Урыстәылеи Америкеи ирыбжьоу еиқәшаҳаҭроуп, астратегиатә иадертә бџьар амазаара аицыркьаҿра иазырхоуп.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵаҩуп Урыстәыла уаанӡатәи ахада Дмитри Медведеви Барак Обамеи мшаԥы 8, 2010 шықәса рзы, Прага. Азинмчра аиуит жәабран 5, 2011 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0