Ашьапылампылтә командақәа "Афон", "Гагра" ачемпионат актәи ахәмарра аадыртуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьапылампыл
Ашьапылампыл - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҩбатәи аикәшара мҩаԥысуеит хәажәкыра 6 инаркны мшаԥымза 28 рҟынӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҩбатәи аикәшара актәи ахәмарра мҩаԥысуеит хәажәкыра 6 рзы, акомандақәа "Афон" – "Гагра" реиԥыларала иҳәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахада Џьума Кәарацхьелиа.

Иара иажәақәа рыла, актәи аикәшараан акомандақәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшит.

"Акомандақәа зегьы ибзиан иазыҟаҵан. Актәии аԥшьбатәии аҭыԥқәа х-очкок роуп ирыбжьоу. Ахԥатәи аикәшараҿ иҟоу еиҳа иаҳбарҭахоит. Акомандақәа аиааира рхықәкуп азы агәра згоит аҩбатәи аикәшара аинтерес шаиуа" - иҳәеит иара.

Даур Хорава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Хәараа Аԥсны ашьапылампыл иазкны: аспонсор дамазароуп

Ачемпионат ахԥатәи аикәшара мҩаԥысуеит лаҵарамзазы. Убри ашьҭахь ауп ConIFA аверсиала Ашьха Ҟарабах имҩаԥысраны иҟоу Европа ачемпионат ахь ицо Аԥсны еизго амилаҭтә команда алахәылацәа анышьақәыргылахо. Ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 1 - 9 рзы.

"Амилаҭтә командахь ашьапылампыласыҩцәа ралхра уадаҩуп, избанзар акомандақәа маҷны иҳамоуп. Ирацәаны иҟазҭгьы уи уадаҩрахомызт" - иҳәоит Кәарацхьелиа.

Ипроблема хаданы аклубқәа рзы иҟоу аԥаразоужьроуп. Урҭ реиҳарак аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәиуп аԥара ахьроуа.

Афедерациа ахада иазгәеиҭеит ачемпионат анхыркәшахалак ашьҭахь араионтә командақәа рԥаразоужьра апроблема араионқәа рхадара алархәны иӡбахап ҳәа.

Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат иалахәхоит акомандақәа фба – "Нарҭ", "Гагра", "Риҵа" "Афон", "Самырзаҟан", "Динамо" Аҟәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0