Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакразы: иҟалап аартра маҷк ҳагхазаргьы

© SputnikВладимир Аҩӡба
Владимир Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахаҭарнакс Ҭырқәтәыла ҩажәа шықәса инарзынаԥшуа иҟаз Владимир Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит ҳҳәынҭқарра ахаҭарнакра уаҟа аартра аҵакы.
Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакразы: иҟалап аартра маҷк ҳагхазаргьы

25 шықәса раԥхьа хәажәкыра 1, 1994 шықәсазы Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Сҭампыл аусура иалагеит Аԥсны Ахаҭарнакра.

"Кавказынтә аԥсуа хаҭарнакра Ҭырқәтәыла ииуеит ҳәа раԥхьа ажәабжь иназгаз ажәҵыс сара сакәын. Уи уадаҩын. Абри аус бҩас иамаз аԥсуа интеллигенциа, анхацәа, адинуаа зегьы реидкылара сымпыҵаманшәалахеит. Даргьы ргәы азыҳәон, ауаҩы дырҭахын. Сара исыбзоуроуп сҳәаӡом, аха снеиаанӡа, Ҭырқәтәыла аԥсуаа нхома, Аԥсынтәыла ҳәа акыр ыҟоума уҳәа рхабарқәа маҷӡан. Абри азҵаара аԥсы ахасҵеит», - иҳәеит Аҩӡба.

Иара иазгәеиҭеит уаҟа инхоз ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа аӡәырҩы рыхдырра арҿыхара ишацхрааз уи атәылаҟны аԥсуа хаҭарнакра аартра.

"Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа аҭырқәара иаламӡҩарацы абри ахаҭарнакра аартра маҷк иагхазаргьы ҟалап. Ҳажәлар аиаша рдыруазар ахәҭан. Аԥсны ҳәа акгьы ыҟаӡам ҳәа акәын ирарҳәоз. Официалла иҭыҵуа аенциклопедиаҟны сыла иабеит аԥсуаа Аԥсынтәыла хә-нызқьҩык раҟара нхоит, дара урҭгьы рбызшәа рыздырӡом ҳәа ишаныз. Абас ииашамкәа адырра рырҭон, уи аҭырқәа иус иацныҟәон. Иахьагьы аҭырқәа деигәырӷьаӡом аԥсуа хаҭарнакра официалла Ҭырқәтәыла иахьыҟоу, аус ахьауа. Аргама исарҳәеит ажәлар Аԥсныҟа ицаразы агитациа ҟасымҵаларц", - иҳәеит Аҩӡба.

Иара иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакра ишахәҭоу аус азур, аԥеиԥш ду шамоу, ҳҳәынҭқарра ашьақәгәыларазы ишхадаратәу ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара, аҿар Аԥсныҟа рхьарԥшра.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0