ЕАА ар Шьамтәыла 50 тонна ахьы алыргеит

© REUTERS / US ARMYЕАА ар Шьамтәыла
ЕАА ар Шьамтәыла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амаҵзура "САНА" адырра ҟанаҵеит америкатәи аруаа Шьамтәылатәи аибашьцәа-террористцәа рҟынтәи ахьы роуит, урҭ рыхьчара аиҿкаара аҭакс ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Америкатәи ар Шьамтәыла 50 тонна ахьы алыргеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амилаҭтә маҵзура "САНА" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Активисты из организации Белые каски в Сирии - Sputnik Аҧсны
"Акаска шкәакәақәа" Шьамтәыла  ахимиатә бџьар ахархәарала апровокациақәа аздырхиоит

Амаҵзура адыррақәа рыла атеррористцәа ахьы ҵәахны ирыман шьамтәылатәи апровинциа Деир-ез-Зор аиланхарҭа Багхуз ааигәа-сигәа. Ари аҭыԥ ЕАА ар зыкәшаны итәоу атеррористцәа аҵыхәтәантәи ргыларҭоуп.

"САНА" ишаҩуа ала америкатәи аруаа Шьамтәылатәи аибашьцәа-террористцәа рҟынтәи ахьы роуит, урҭ рыхьчара аиҿкаара аҭакс ҳәа.

Уаанӡа Трамп аҳәамҭа ҟаиҵахьан америкатәи ар Шьамтәыла иалгахоит иналкааны ҿҳәарак шьақәмыргылакәа ҳәа.

Уи ашьҭахьтәи аҳәамҭаҿы иазгәаҭан ар алгахоит аха рацәак идум аконтингент аанхар алшоит ҳәа.

ЕААи урҭ рыдгылаҩцәеи 2014 шықәса раахыс Шьамтәылеи Ираки ИГИЛ иаҿагыло аоперациақәа мҩаԥыргоит. Убри аан Шьамтәыла имҩаԥырго аоперациақәа аҭыԥантәи аиҳабыра рақәшаҳаҭра амаӡам.

Ажәабжьқәа зегьы
0