Агәыԥ The Prodigy авокалист иԥсҭазаара далҵит

© AFP 2023 / ED JONESКит Флинт
Кит Флинт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амузыкант Кит Флинт аелектронтә гәыԥ The Prodigy аԥиҵеит 1990 шықәса рзы, аха вокалистк иҳасабала дықәгыло далагеит 1996 шықәса инаркны.

АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. The Prodigy авокалист Кит Флинт 49 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, The Sun адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Амузыкант дыԥсны дырбеит Ессекс аҿтәи аҩнаҿы, иахьа ашьыжь.

1990 шықәса рзы Кит Флинт аелектронтә гәыԥ The Prodigy аԥиҵеит. Аԥхьа агәыԥ аҿы иара кәашаҩык иҳасабала далахәын. 1996 шықәса рзы вокалистк иҳасабала исингл ҭеиҩит.

Fatboy Slim, The Chemical Brothers, The Crystal Metho инарываргыланы  The Prodigy бигбит ажанр апионерцәа иреиуоуп. Ари ажанр еиҳа ирылаҵәеит 1990 - 2000-тәи ашықәсқәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0