Баҭал Чежьиа ҩаԥхьа аиааира игеит

Анапаҵаҩра
Апрофессионалтә бокс ахәылԥаз мҩаԥысит Воронеж ақалақь, хәажәкыра 3 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа боксиор Баҭал Чежьиа Африкатәи аспортсмен Саид Мбелва дииааит Воронеж имҩаԥысуаз Апрофессионалтә бокс ахәылԥаз аҟны. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ицхырааҩ Артур Адлеиба.

"Аиндаҭлара аа-раундк рыла ишьақәгылан. Аӡбаҩцәа еицҿакрыла ишырыӡбаз ала, араундқәа зегьы рҟны Баҭал аиааира ианаршьеит", - иҳәеит иара.

Бой Батала Чежия с соперником из Танзании Мада Линус Мауго в Москве 12 декабря 2018 - Sputnik Аҧсны
Баҭал Чежьиа Танзаниатәи аспортсмен индаҭлараҟны аиааира игеит

Баҭал Чежьиа иԥылараҟынӡа Африкатәи аспортсмен аринг аҿы 80 қәгылара мҩаԥигеит. Урҭ рҟынтәи 46 иааира игеит.

Баҭал Чежьиа – ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи Аславиан тәылақәеи дырчемпионуп, 2017 шықәса рзы Анапа имҩаԥысуаз ашоу "Гладиаторы ринга" аҟны даиааит, Ростов-на-Дону ақалақь аҿы апрофессионалтә бокс ахәылԥаз далахәын, Москва иқәгылараан акамерун Даниел Нигата дииааиуеит.

2018 шықәса рзы Москва имҩаԥысуаз ахәылԥаз аҿы Танзаниатәи аспортсмен Мада Линуса Мауго дицықәгылеит, аиааирагьы игеит.

Баҭал Чежьиа аа-қәгыларак мҩаԥигахьеит. Иқәгыларақәа зегьы рҟны аиааира игеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0