Ихьшәахаанӡа ацхыраара: ҩымз зхыҵуа Амелиа лзы аԥареизгара хацыркуп

© Foto / КБФ "Ашана"Амелия Князева
Амелия Князева - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымз зхыҵуа Амелиа Книазева лгәы амалыр аманы диит. Уи лгәы бзианы лшьапы лықәыргыларазы еизгатәны иҟоуп миллионки 260 нызқьи мааҭ.

АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Афонд "Ашана" ихацнаркит Амелиа Книазева лыцхырааразы аԥареизгара.

Амелиа лан лцәа лтәымкәа даныҟаз аҳақьымцәа игәарҭеит ахәыҷы лыҿиара ауадаҩрақәа шацыз, лгәы амалыр шамаз. Асеиԥш  иҟоу аԥҳәыс ара лхшараиура ахьшәарҭаз иахҟьаны Шәачаҟа дцарц лабжьыргеит.

Лиана с мамой - Sputnik Аҧсны
Афонд "Ашана" Лиана Гокориан лзы аԥареизгара иалагеит

"Ара ҳаанхазҭгьы даҳцәыԥсыр алшон. Шәача УЗИ ҟарҵеит, исарҳәеит ахәыҷы лыԥсы еиқәхар шауа, аха актәи асааҭқәа рзы аоперациа шылзутәхо. Москваҟа ҳхьадырԥшит", - ҳәа еиҭалҳәоит Мариа Книазева.

Амелиа Шәачатәи ахшараиурҭаҿы диит. Аоперациа иаразнакы илзыруит, аха аамҭақәак рышьҭахь лҭагылазаашьа еицәахеит.

"Ашьыжь ахирург дааит, адиагноз ҳзықәиргылеит: акьатеи кьаҿ асиндром. Шәача асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа реиқәырхара уадаҩуп, Москваҟа дгатәхеит.  Филатов ихьӡ зху ахәышәтәырҭеи ҳареи ҳҽеимаадеит. Ҳара ҳахьаԥснытәиу азы уаҟа ахәышәтәра ахә шәатәуп. Афонд "Ашана" ахь снеит ацхырааразы", - ҳәа ҳзеиҭалҳәоит Мариа Книазева.

Амелиа уажәы ареанимациа аҟәшаҿы дышьҭоуп. Аамҭа хара имгакәа ацхыраара лыҭатәуп. Аоперациа аҟаҵара рылшоит Н. Ф. Филатов ихьӡ зху ахәыҷтәы клиникатә хәышәтәырҭа №13 аҟны. Аоперациа  ахәԥса иартәоит миллионки 260 нызқьи мааҭ аԥара.

Амелиа Книазева лыцхыраашьас иҟоу атәы еилышәкаар шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0