Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Валери Багаԥшь: Сергеи Багаԥшь игәгьы, иԥсгьы, ихгьы Џьгьардоуп иахьыҟаз

© Sputnik / Константин ГрецовВалерий Багапш
Валерий Багапш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь изы иқыҭа гәакьа Џьгьарда ҵакыс иамаз, анхацәа дшырзааигәаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи иаб иашьа иԥа Валери Багаԥшь.
Валери Багаԥшь: Сергеи Багаԥшь игәгьы, иԥсгьы, ихгьы Џьгьардоуп иахьыҟаз

"Сергеи Уасил-иԥа иџьынь идацԥашә - Џьгьарда дахьынхоз агәараҭа ауп. Иара Аҟәа дыҟан, аха игәгьы, иԥсгьы, ихгьы араҟоуп иахьыҟаз. Абра санааилак, сыԥсы шысшьо, ҽаџьара исызшьаӡом ҳәа иҳәалон. Адунеи иреиӷьу акурорт аҟны сцаргьы, абра иаҳа еиӷьны сыԥсы сшьоит ҳәа иажәа иалан. Сара сҳәынҭқаруп, сеиҳабуп ҳәа зхы ҳаракны избоз уаҩымызт. Игәылацәа, анхацәа дырзааигәан, иааигәа иааган иргылон, еидтәаланы акрырфон, акаҳуа ржәуан. Анхацәа акыр дырзааигәан", - ҳәа азгәеиҭеит Валери Багаԥшь. 

Хәажәкыра 4 рзы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы 70 шықәса ихыҵуазаарын.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0