Асценаҿ зыԥсҭазаара мҩасыз: Анна Аргәын-Коношок диижьҭеи 105 шықәса ҵит

© Foto / МешокАнна Аргун Коношок
Анна Аргун Коношок - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсыӡкҩы аԥсыӡкҩы харантәгьы дидыруеит аҳәоит аурыс жәаԥҟа. Ус анакәха артист изы ажәа егьи артист иеиӷьны изызҳәода. Аԥсуа асовет актриса Анна Аргәын-Коношок лымширазы илызку агәалашәарақәа ҳацеиҩыршеит Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳаи, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Светлана Кәарсаиаԥҳаи.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Амҩа ҿыц

1956 шықәсазы 17 шықәса ирҭагылаз Софа Харитон-иԥҳа Горьки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аинститут алитературатә факультет аҭаларазы хә-ԥышәарак лҭихьан, инханы иҟан даҽа ҩба. Убри аҟнытә аҭыԥҳа аҵараиурҭа саанахәахьеит ҳәа лгәы калыршәхьан, аха аԥсҭазаара иамазаарын лара макьана илзымдыруаз ахатәы гәҭакқәа. Убри аамҭазы Шоҭа Русҭавели ихьӡ зхыз Қарҭтәи атеатралтә институтахь ицараны иҟан гәыԥҩык аԥсуа студентцәа. Заԥхьаҟа Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы зҽаԥсазтәраны иҟаз Шьалуа Гыцбагьы урҭ дрылан.

Софа Агумаа - Sputnik Аҧсны
Зҟазарыла ахәаԥшцәа хызххьоу: Софа Агәмааԥҳа 80 шықәса лхыҵит

Иаалырҟьаны, Қарҭҟа амҩа иқәгылаз рхыԥхьаӡара аҟнытә ӡӷабк ацара мап ацәылкзаап. Усҟан Шьалуа Ҷыф-иԥа кыршықәса иидыруаз, збаҩхатәрагьы гәеиҭахьаз Агәмааԥҳа илабжьигеит иҟалаз аҭагылазаашьа лхы иархәаны аҟазара амҩа алылхырц. Софа Харитон-иԥҳа излалҳәаз ала, аханатәгьы илҭахын атеатр аҽамадара, лҭаацәа инаҿаршәны мап ахьылцәыркыз азоуп алитературатә факультет залылхыз. Аха уажәшьҭа лгәыхәтәы анагӡаразы зеиӷьыҟам аҭагылазаашьа анлоу, актиорцәа иртәышьҭроу "ҩысҭаара хәыҷык" лыӡбеит: Қарҭҟа ацара азин лоуразы, илзынханы иҟаз аԥышәара лзымҭиизшәа лани лаби рҿы амц лҳәар акәхеит. Аха, анаҩс излеилкаахаз ала, абзиа угәы иҭакны амц уҳәаргьы абзиахь укылнагар ауазаап…

Аԥсны Жәлар рартист имӡакәа илҳәеит асценахь агәыбылра баша-маша ишлызцәырымҵыз, еиуеиԥшым аԥсуа артистцәа уи аус аҟны рлагала шдуу. Лара лажәақәа рыла, артистцәа аспектакль рыманы ақыҭақәа ианырҭаауаз урҭ рҟазара ҳаракы иабзоураны, ажәлар фырхацәақәак реиԥш ирыдыркылон, рыхәаԥшра бзиа ирбон. Насгьы иазгәалҭеит лҩызцәеи лареи ҷыдала Анна Бида-иԥҳа Аргәын-Коношок зегьы дышрылыркаауаз, лара леиԥшхарагьы шырҭахыз.

Қарҭтәи аҵараиурҭа иалганы аԥсуа театр иазыхынҳәыз артистцәа, иахьааизгьы рнапы ыргежьуа ирԥылеит, гәык-ԥсык ала ирыдыркылеит.

"Аишәа ду ҳаздырхиеит. Анна Бида-иԥҳа, сасцәа дахьқәак лзаазшәа даҳхагьежьуан, дышҳаигәырӷьоз ҳәашьак сзаҭом. Актәи амш инаркны аколлективгьы гәакьаҵас ҳрыдыркылан, зҵаарак ҳазцәырҵыр, ма акы ҳзеилымкаар, досу ҳацхраара дазхиан. Ажәакала ҭаацәара дук еиԥш ҳаҟан", - лҳәеит Агәмааԥҳа.

© Foto / Музей абхазского театраАнна Аргун-Коношок
Асценаҿ зыԥсҭазаара мҩасыз: Анна Аргәын-Коношок диижьҭеи 105 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Анна Аргун-Коношок

Уи адагьы лара илҳәеит Анна Аргәын-Коношок егьырҭ дызларылылкаауаз аҟазшьақәа ишреиуаз аҳалалра, агәыразра, аҿар рыгәцаракра. Лара лажәақәа рыла, Анна Бида-иԥҳа атеатр иадҳәалаз аҭыԥҳацәа еснагь аҩныҟа иаалыԥхьон, акаҳуа рыцыжәра бзиа илбон. Ачеиџьыка пату ахьылзақәыз  адагьы аҳамҭақәа рыҟаҵаразгьы аӡәы "иџьыба дҭалаӡомызт", ацәарԥшӡагақәа, ахәдахаҵақәа уҳәа аҿар ирзылшон.

"Аӡә дубап – сахьала дыԥшӡаны, аха зҟазшьа бааԥсу, ауаҩы имаабуа. Аха Анна Бида-иԥҳа даҽа уаҩын. Уи ҭеиҭыԥшла дшыԥшӡаз еиԥш, гәаҭалагьы дыԥшӡан, лҟазарагьы уаҩы дыхнахуан. Абри аҟара ауаҩы дахьизааигәаз азы зегьы бзиа деицаҳбон, данҳаԥха кыр аамҭаӡа ҳгәы даҳзалымхит. Шықәсқәак рыҩнуҵҟа ес-март ааба, лара лымшира аҽны лҳаҭгәынахь ҳцалон, бзиа ишылбоз еиԥш акаҳуа ршны ԥыҭраамҭак уа ҳаатәалон. Уи лара иабалыхәахуаз, маҷк ҳагәқәа алаҳарҭынчуан аҟароуп", - илгәалалыршәоит Жәлар рартист.

Ашьацԥшшәы еиԥшыз…

Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, ажурналист Светлана Кәарсаиаԥҳа афилологиатә факультет аҟны ҩ-курск алыркхьаны ауп Москватәи атеатралтә институтахь дышцаз. 1977 шықәсазы Урыстәыла лҵара хыркәшаны Аԥсуа драматә театр ахь усура данаа, лхаҭа лажәақәа рыла, Анна Бида-иԥҳа лшәымҭа дҭагылан.

Светлана Корсая - Sputnik Аҧсны
Арадио
Корсаиаԥҳа: актриса ду лышәҟәаҟны акгьы "ауанҭа ахьшьӡам"

Светлана Вианор-иԥҳа атеатр аҭҵааҩык лаҳасабала иҭылҵаауан раԥхьаӡатәи аԥсуа драматә студиа аҭоурых. Лара лажәақәа рыла, уи астудиа 1932 шықәсазтәи аушьҭымҭацәа Анна Бида-иԥҳагьы дахьреиуаз аҟнытә аицәажәара ԥха рыбжьалеит, кыр еизааигәахеит.

"Сара ианакәзаалакгьы актиорцәа, артистцәа ԥшшәык-ԥшшәык иадыскылоит. Анна Бида-иԥҳа, сгәанала, ашьацԥшшәы – аԥсҭазаара аҿыхара, ааԥын аԥшшәы акәын лҟазшьа ҳәаақәызҵоз, лара илышьашәалоз. Лара лхаҿсахьа ацқьара, алашара иатәнатәуан абиԥарала зҽызыԥсахуаз ахәаԥшцәагьы. Лара убарҭ ашықәсқәа зегьы аԥсабара илнаҭаз аԥштәы ссир ала илҩычон аԥсуа сцена. Уи аԥхарра зхьымсыз дыҟоуп ҳәа сгәы иаанагом", - лҳәеит ажурналист.

Анна Аргәын ҭеиҭыԥшла леиҿкаашьа адагьы, профессионалк иаҳасабала илылаз абаҩхатәра далацәажәо Светлана Вианор-иԥҳа иазгәалҭеит лара илырҭоз иарбан рользаалак аҟны лхы шылыԥшаауаз, насгьы ишылдыруаз асценатә шәага-загақәа. Иҟоуп артистцәа, зроль ихнаԥааны мыцхәы "ихәмаруа", аха Анна Бида–иԥҳа ахмырҟьацәара аҳәаақәа дырҭымскәа ахәмарра шлылшоз азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.

© Foto / Музей абхазского театраСпектакль "Доходное дело"
Асценаҿ зыԥсҭазаара мҩасыз: Анна Аргәын-Коношок диижьҭеи 105 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Спектакль "Доходное дело"

"Анна Бида-иԥҳа аԥсҭазаара иацу ацәгьеи-абзиеи, агәырӷьареи-агәаҟреи инагӡаны еилызкаауаз уаҩын. Лара, ҳәарада актиортә ҟазара ду лылан, аха зегь раԥхьаӡа инаргыланы – зхаҭара дууз, зыламыс цқьаз уаҩын. Ламыс цқьала лус дазнеиуан аҟнытә, лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы лгәы шыбааԥсыз мырзаӡакәа аусура даҿын. Арепетициақәа дшырҿыз ауп лыԥсҭазаара дшалҵызгьы", - илгәалалыршәоит Кәарсаиаԥҳа.

Қырҭтәылатәи ССР зҽаԥсазтәыз актриса Анна Бида-иԥҳа Аргәын-Коношок диит 1914 шықәса, хәажәкыра 8 рзы. Далгеит аԥсуа театртә студиа. 1931 шықәса инаркны Аҟәатәи аԥсуа театр дактрисан. Асценаҟны иналыгӡахьан жанрла еиуеиԥшымыз арольқәа жәпакы. Лыԥсҭазаара далҵит 1980 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0