https://sputnik-abkhazia.info/20251029/1058654915.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи амашьынаныҟәцаҩцәа ааԥхьара рырҭоит льготла урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа роура рҽахьырыгӡарц.Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба... 29.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-29T18:01+0300
2025-10-29T18:01+0300
2025-10-29T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1d/1058654749_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_7dd0e35fcdcc27768c10e3f5db622fad.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи амашьынаныҟәцаҩцәа ааԥхьара рырҭоит льготла урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа роура рҽахьырыгӡарц.Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба ареспублика ауааԥсыра иргәалаиршәеит — Урыстәыла аҵакыраҿы закәанла аныҟәаразы урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа аиура шхымԥадатәиу. Иара иажәақәа рыла, аԥышәара ҿыц аҭара аҭахым, агәраргагақәа ҿыц аԥсуа зиншәҟәқәа шьаҭас иҟаҵаны ирырҭоит.
Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба абаталион "Горец" аветеранцәа дырԥылеит. Аҳәынҭқарра ахада Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Аиааира Амш рыдиныҳәалеит, иаадырԥшыз афырхаҵаразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. "Шәара агәымшәареи афырхаҵареи аашәырԥшит, ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи реиқәырхаразы. Еилых ҟамҵакәа, ҳветеранцәа зегь ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, шәҿаԥхьа схырхәоит", — иҳәеит Гәынба. Абаталион "Горец" акомандаҟаҵаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Вианор Ашбеи егьырҭ аиԥылара алахәылацәеи аҳәынҭқарра ахада аветеранцәа рахь иааирԥшуа азҿлымҳаразы иҭабуп ҳәа иарҳәеит.
Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра иатәу арра-клиникатә хәышәтәырҭа хада даҭааит, уаҟа Аладатәи арратә округ 18-тәи Еидҵоу азеиԥшар 127-тәи хазы игоу аԥшыхәратә бригада аррамаҵзурауаа дрыҿцәажәеит.Аиԥылараҿы аҳәынҭқарра ахада далацәажәеит аекипаж зҭам аӡаҵаҟатәи аппарат "Посеидон" аԥышәара ишахыжьу, уи "еихьӡара дууп" ҳәа иҳәеит, абри атәы аанацҳауеит Кремль.
Аҳәаанырцә инхо Урыстәыла аџьынџьуаа Рдунеизегьтәи аконференциа "Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра: Аҭоурыхтә ҵабырг еиқәҳархап" аатит Москва. Аусмҩаԥгатә иалахәуп 130-тәыла рҟынтәи ахаҭарнакцәа. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит уи ихаҭыԥуаҩ Андреи Галузин. Лавров иажәахәаҿы иазгәеиҭеит СССР ажәларқәа афашисттә Германиеи амилитаристтә Иапониеи рҿаԥхьа аиааира агараҿы рлагала ду шыҟарҵаз.
Аԥснытәи амашьынаныҟәцаҩцәа ааԥхьара рырҭоит льготла урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа роура рҽахьырыгӡарц.Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба ареспублика ауааԥсыра иргәалаиршәеит — Урыстәыла аҵакыраҿы закәанла аныҟәаразы урыстәылатәи аныҟәцаратә гәраргагақәа аиура шхымԥадатәиу. Иара иажәақәа рыла, аԥышәара ҿыц аҭара аҭахым, агәраргагақәа ҿыц аԥсуа зиншәҟәқәа шьаҭас иҟаҵаны ирырҭоит.Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба абаталион "Горец" аветеранцәа дырԥылеит. Аҳәынҭқарра ахада Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Аиааира Амш рыдиныҳәалеит, иаадырԥшыз афырхаҵаразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. "Шәара агәымшәареи афырхаҵареи аашәырԥшит, ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи реиқәырхаразы. Еилых ҟамҵакәа, ҳветеранцәа зегь ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, шәҿаԥхьа схырхәоит", — иҳәеит Гәынба. Абаталион "Горец" акомандаҟаҵаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Вианор Ашбеи егьырҭ аиԥылара алахәылацәеи аҳәынҭқарра ахада аветеранцәа рахь иааирԥшуа азҿлымҳаразы иҭабуп ҳәа иарҳәеит.Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра иатәу арра-клиникатә хәышәтәырҭа хада даҭааит, уаҟа Аладатәи арратә округ 18-тәи Еидҵоу азеиԥшар 127-тәи хазы игоу аԥшыхәратә бригада аррамаҵзурауаа дрыҿцәажәеит.Аиԥылараҿы аҳәынҭқарра ахада далацәажәеит аекипаж зҭам аӡаҵаҟатәи аппарат "Посеидон" аԥышәара ишахыжьу, уи "еихьӡара дууп" ҳәа иҳәеит, абри атәы аанацҳауеит Кремль.Аҳәаанырцә инхо Урыстәыла аџьынџьуаа Рдунеизегьтәи аконференциа "Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра: Аҭоурыхтә ҵабырг еиқәҳархап" аатит Москва. Аусмҩаԥгатә иалахәуп 130-тәыла рҟынтәи ахаҭарнакцәа. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит уи ихаҭыԥуаҩ Андреи Галузин. Лавров иажәахәаҿы иазгәеиҭеит СССР ажәларқәа афашисттә Германиеи амилитаристтә Иапониеи рҿаԥхьа аиааира агараҿы рлагала ду шыҟарҵаз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1d/1058654749_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_47b180c19c8ff77c913c8a78593d4084.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио