Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәынба: "7-Новеллак" дырбахоит жәеиза қыҭа рҿы 

© Sputnik / Томас ТхайцукАдамыр Гунба
Адамыр Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә культура ҭынха ахьчареи рминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Миха Лакрба иновеллақәа рыла иҭыхыз афильмқәа ақыҭақәа рҿы ишыддырбахо атәы.
Гәынба: "7-Новеллак" дырбахоит жәеиза қыҭа рҿы

"Хәажәкыра 12, асааҭ 14:00 рзы Ҷлоу акультуратә ҩнаҿы ақыҭауаа идҳарбоит Миха Лакрба иновеллақәа рыла иҭыху афильмқәа. Аӡыргарақәа кыдуп иара ақыҭаҿы еиԥш, Ҷлоу иаду егьырҭ ақыҭақәа рҿгьы, изҭаху зегьы неины иахәаԥшыр рылшоит. Ари аԥсуа цәа зхоу фильмқәоуп, ҳрежиссиорцәа ҿарацәа русумҭақәа ақыҭауаа аинтерес рызцәырнагап ҳәа сгәы иаанагоит. Уаанӡа идҳарбоз афильмқәа, урҭ аԥсшәахь еиҭагаз роуп, ҳәарада, даргьы рхатә хәаԥшҩы дрымоуп, аха ановеллақәа аԥсуаа иаҳа иаҳзааигәоуп, аԥсуа шәҟәыҩҩы иаԥиҵаз аусумҭақәа рыла иҭахуп, аԥсуаа ҳҵас ҳқьабз аандырԥшуеит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп 11 қыҭа рҿы ановеллақәа дырбара. Афильмқәа дырбаразы атехникатә цхырраара аҟаҵара рхахьы иргеит апроект "7-Новеллак" аԥшьгаҩцәа, амобилтә еимадара "Амобаил"", - ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио SputnikАԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0