Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷыҭанаа: апальмақәа ԥырхага рызҭо ахәаҷа ҳтәылахь транспортла иқәнагалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСавелий Читанава
Савелий Читанава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит апальмақәа рыхәшәтәра ианалаго атәы.
Ҷыҭанаа: апальмақәа ԥырхага рызҭо ахәаҷа ҳтәылахь транспортла иқәнагалеит

"Апальмақәа рыхәшәтәра азҵаара гәцаракны иҳамоуп. Аҳауаԥхарра анышьақәгылалак, убысҟан ауп ахәшәтәра ҳаналаго. Ақыҭанхамҩа аминистрра аҟнытә ахәшәқәа ҳаухьеит. Уажә апальмақәа рбыӷьқәа аԥҟарра иалагараны иҟоуп, убри ҳҽазҵәылхны ҳазыԥшуп. Ажәакала ари азҵаара хылаԥшра аҳҭоит, аамҭа шааилак аусурақәа ҳрылагоит. Ахәаҷа Гагреи Аҟәеи мацароуп иахьыҟоу, аха уи иаанагом егьырҭ араионқәа рҿы иҟоу апальмақәа рыхәшәтәра аҭахӡам ҳәа, апальмақәа зегьы ахәшәқәа рықәҭәахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.  

Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит апальмақәа хызшьаауа ахәаҷа ҳтәылахь транспорт ишаанагаз. Дара хә-километрак еиҳаны изыԥыруам, убри аҟнытә Аԥсныҟа ҳауала иааит ҳәа аҳәара ииашам.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0