Абнацыгәқәа рышьклаԥшразы амикро-чипқәа рырҭоит

© Foto / Чипирование 3 котят переднеазиатского леопарда 2018 г. рожденияАбнацыгәқәа рышьклаԥшразы амикро-чипқәа рырҭоит
Абнацыгәқәа рышьклаԥшразы амикро-чипқәа рырҭоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроцедура мҩаԥган аԥстәқәа ауаҩытәыҩса иганахь ала ирымоу агенетикатә хымҩаԥгашьа аилкаараз.

АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Хышықәса зхыҵуа азиа-ааигәатәи абнацыгәқәа рцәа иаҵарӡахит амикро-чипқәа Кавказ абнацыгәқәа реиҭашьақәыргылара ацентр аҿы. Абри атәы аҳәоит Урыстәыла аԥсабара аминистрра асаит.

Абнацыгәқәа Алоуси Черри ирхылҵыз Агуреи Аибгеи, иара убасгьы Задиги Андреаи ирхылҵыз ацгәаба Лаба ршьа анализ иаанарԥшит дара рцәа чымазара ҷыдак шалам.

Аҟазауаа ражәақәа рыла ачип ацәа аҵаҵәахра акраҵанакуеит аԥстәы аԥсабарахь ианыргьыжьхалак ашьҭахь.

"Ацыгәхәыҷқәа рҭаацәа ианырхаагалаки урҭ изызшоу аԥсабарахь ианҳархынҳәлаки рҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭара иацхраауеит ачипқәа. Иара убасгьы апроцедура мҩаԥган аԥстәқәа ауаҩытәыҩса иганахь ала ирымоу агенетикатә хымҩаԥгашьа, ауаҩытәыҩса ицәшәарагь абрахь иналаҵаны, аилкаараз", - ҳәа иҳәоит Кавказ абнацыгәқәа реиҭашьақәыргылара ацентр анапхгаҩы Николаи Воронин.

XX-тәи ашәышақәсазы азиа-ааигәатәи абнацыгәқәа ахьыҟоу аҵакырадгьылқәа акыр иҭшәахеит. Уажәы Кавказ дара шамахамзар иуԥылаӡом. Дара аӡра иаҿу хкны Ашәҟәы ҟаԥшь иануп.

Азиа-ааигәатәи абнацгәы Кавказ аиҭашьақәыргылараз апрограмма мҩаԥысуеит Шәачатәи амилаҭтә парк, Кавказтәи аҳәырԥсарра, Адунеизегьтәи аԥсабаратә фонд (WWF), Москватәи азоопарк, АНО "Центр природы Кавказа", аԥсабара ахьчаразы Жәларбжьаратәи аидгыла, азоопаркқәеи аквариумқәеи рзы Европатәи ассоциациа алархәны.

© Foto / Центр восстановления леопарда на КавказеАбнацыгәқәа рышьклаԥшразы амикро-чипқәа рырҭоит
Абнацыгәқәа рышьклаԥшразы амикро-чипқәа рырҭоит - Sputnik Аҧсны
Абнацыгәқәа рышьклаԥшразы амикро-чипқәа рырҭоит

Аԥсны, Лыхны ақыҭан иааныркылаз абжьас Викториа абна ԥсабара иазырхынҳәын. Абнатә ԥстәы Шәачатәи аиҭашьақәыргыларатә Центр аҿы агәаҭара ныҭкаа иахыжьын.

Аԥсны иааныркылаз абжьас Викториа абнахь иаурышьҭуеит

Аха аамҭақәак рышьҭахь Нхыҵ Кавказ аԥсабара ахьчареи аиқәырхареи Рцентр адиректор Рената Шиушаите Шәача имҩаԥысуаз Урыстәылатәи аинвестициатә форум аҿы РИА Новости иазеиҭалҳәеит абнарахь иоушьҭыз абнацгәы Ельбрус Нхыҵ Кавказтәи ашьхақәа рҿы иӡит ҳәа.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иара ԥсны ирбеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0