Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сурманиӡе Марттәи ажәыларазы: аибашьышьа ҳҵон аибашьраҿы

© SputnikАвтандил Сурманидзе
Автандил Сурманидзе  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Марттәи ажәылара иалахәыз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу аибашьра аветеран Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит ҳаибашьцәа ажәыларахь иандәықәлоз аамҭазы шәарак шырнымԥшуаз, рхы-ргәы иҭаз знык Аҟәа алалара шакәыз.
Сурманиӡе Марттәи ажәыларазы: аибашьышьа ҳҵон аибашьраҿы

"Асааҭ 4, 5 рахь аус анауаз, ашамҭаз ажәылара ҳалагар акәын, убас иазыӡбаны иҟан. Ишаанӡа ҳҭыԥаҿ ҳнеины ҳтәахьан. Усҟан асы ауан, ақәабаа-сабаа, ахьҭа бааԥсы ыҟан, аха уи хьаас изкыдаз, еицыз зегьы знык аӡы ҳарсны ақалақь ҳалаландаз ҳәа ҳхәыцуан. Ахьаҵра, агәкажьра ҳәа акгьы ҳхы иҭамызт. Ҳара Гәымсҭа ҳарсны Аҳабла Ҿыц аҿынӡа ҳнаӡар акәын. Ианаамҭаз ҳаздәықәымлеит, абаталионқәа зегьы дара рыдҵа рыман, иҳацәшеит икахха. Аҳаирпланқәа абомбақәа аларыжьыр акәын, аха урҭгьы зышьҭымԥрааит. Аиҩызцәа Омар Џьапуа, Заза Гамгьиа, Рафик Ҵәыџь ҳанцоз еибаҳҳәеит аӡә дыршьыргьы, дырхәыргьы ҳашкеибамыжьуа. Ҳгәы иалоуп иахьагьы Марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа, ихәны иҵәааҵәаауа икажьыз ҳаибашьцәа рыбжьы ахааназ иухашҭуам. Ажәыларақәа еиҳагьы еиҿкаазҭгьы, ус еиԥш ҟамлар алшон, аха аибашьышьа ҳҵон аибашьраҿы", - ҳәа азгәеиҭеит Сурманиӡе.    

1993 шықәса март 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0