Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Саманба Аԥснытәи афатә аалыҵ асертификациазы: алҵшәа бзиақәа амоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГарри Саманба
Гарри Саманба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асертификациеи, ахархәареи, атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Гарри Саманба арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны иҭрыжьуа афатә аалыҵ асертификат ацзароуп ҳәа сынтәа ақәҵара рыдыркылеижьҭеи агәаҭарақәа рылҵшәақәа бзиахеит ҳәа.
"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Саманба Аԥсны иҭрыжьуа аалыҵ асертификациа азура азҵааразы

"Аҩны иҭрыжьуа афатәқәа аҵыхәтәантәи хәба-фба шықәса ирылагӡаны рхыԥхьаӡара рацәахеит. Алабораториаҟны агәаҭарақәа иаҳдырбеит иҭрыжьуа ахаҭабзиара шыцәгьам, анҭыҵынтә иаарго аасҭа ишеиӷьу. Аха убри аан ԥыҭҩык иҭрыжьуа уамак ахаҭабзиара иацклаԥшуам. Афатә аалыҵ бзианы иҭзыжьуеи, уамак хьаас имкыкәа иҟазҵои ргәаҭаразы ҳара иҳаӡбеит сертификатда адәқьанқәеи ахәаахәҭратә ҭыԥқәеи ирыдрымкылаларц. Уи инамаданы  адәқьанқәа рыԥшәмацәа ашәҟәқәа рзаҳашьҭит. Ҳҳәынҭқарратә еилакаҟны аус зуа ирыдҵоуп ауаҩы данааилак, ҽнак-ҩымш рыла дмыргәаҟкәа асертификат ирҭарц. Абри азҵаара ҳнапы адҳкылеижьҭеи аус ауит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Саманба.

Иара иазгәеиҭеит аалыҵ ахаҭабзиара азҵаарақәа цәырнагозар, уи азы асертификатқәа анаплакыҩцәа  ирызҭо аҳәынҭқарратә еилакы аҭакԥхықәра шадло. Иҳәеит убасгьы зхаҭабзиара лаҟәны иҭрыжьуа аалыҵ азы арбитражтә ӡбарҭахь аусқәа шынашьҭыз.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0