Урыстәылатәи арратә базаҿы аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡара иазҳаит

© Фото : Пресс-служба ЮВО Урыстәылатәи арратә базаҿы аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡара иазҳаит
Урыстәылатәи арратә базаҿы аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡара иазҳаит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә базаҿы аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡара ииасыз ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар 30% еиҳахеит.

АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. 600-ҩык инареиҳаны еилаӡарыла аррамаҵзура ахысразы акандидатцәа агәаҭарақәа ирхысит 2018 шықәса рзы. Аладатәи арратә базаҿы аррамаҵзура иахысуа рхыԥхьаӡара ииасыз ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар 30% еиҳахоит ҳәа еиҭеиҳәоит арратә база апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Артилерристцәа аӷа иԥшыхәцәа ндырҵәеит - Sputnik Аҧсны
Артилерристцәа "аӷа" иԥшыхәцәа ндырҵәеит

Акандидатцәа рхыԥхьаӡара ирыдыркылараны иҟоу рхыԥхьаӡара аасҭа хынтә еиҳауп. Апресс-маҵзура аиҳабы иажәақәа рыла, асеиԥш изыҟоу — арратә базаҿы аррамаҵзурауаа рзы аҭагылазаашьа маншәалақәа ахьаԥҵоу азоуп.

"Еилаӡаратәи аррамҵзурауаа иара убасгьы раԥхьаҟазы нхарҭа ҭыԥла еиқәдыршәоит, рулафахәы акәзаргьы акыр аҩаӡара дууп, арратә ипотекала раԥхьаҟа ауадақәа раахәаразы ацхыраара роуеит", - иҳәеит Астафиев.

Аԥсны еилаӡарала аррамаҵзура ахысра зҭаху 18-30 шықәса еиҳамзароуп қәрала, абжьаратә ма иреиҳаӡоу аҵара иалгахьазароуп, ргәабзиаратә рбагақәа аррамаҵзура аҭахрақәа ирышьашәалазароуп, уи адагьы аԥсихологиатә тестқәа рхысра рылшозароуп.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә базаҿ аррамаҵзура иахысуеит ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0