Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагԥҳа акциа "Гәыразыла" азы: досу илшо азы ихы дамеигӡап ҳәа сгәыӷуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәыҳалаларатә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроектқәа напхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа
Агәыҳалаларатә фонд Ашана жәларбжьаратәи апроектқәа напхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалаларатә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроектқәа наԥхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит арадио Sputnik аҟны Москва имҩаԥгахо агәыразратә концерт аҟны еизгахо аԥара зыхәшәтәра иазкхо ахәыҷы дарбану, уи иалахәхо ртәы.
Ҳагԥҳа акциа "Гәыразыла" азы: досу илшо азы ихы дамеигӡап ҳәа сгәыӷуеит

"Аконцерт амҩаԥгара рхахьы иргеит Аԥсны Жәлар рартист Вахтанг Возба напхгара зиҭо ахәыҷтәы студиа "Иааирума". Аҭаацәеи ансамбль анапхгареи иҭабуп ҳәа раҳҳәоит уи азы. Еизгахо аԥара згәабзиара даара иуашәшәыроу хымз зхыҵуа Амелиа Книазиава лыхәшәтәра иазкхоит. Сгәы иаанагоит дарбанзаалак ихы дамеигӡакәа даҳзааип, илшо ҟаиҵап, дҳадгылап ари аус аҟны ҳәа", - лҳәеит Ҳагԥҳа.

Афонд "Ашана" акциа "Гәыразыла" ("От серца к сердцу"- аред.) аҳәаақәа ирҭагӡаны хәажәкыра 31 рзы Москва имҩаԥысуеит агәыҳалаларатә концерти аукциони.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0