Есма Ҭодуа, Sputnik
Агригориантә амзар аҟны ишарбоу ала, официалла ааҧынтәи аҵхи амши реиҟарара март 21 акәны иазшьоуп. Аха иара март 19-22 рыбжьара аҽеиҭанакуеит есышықәса. Сынтәа иара ақәшәеит март 20 ауха. Иҟоуп амилаҭқәа, ари амш ашықәс ҿыцны иахьаҧыло. Избанзар иҧхьаӡоуп ааҧынтәи амра ҿыц агыларала аҧсҭазаара зегьы аҧсы ахалара, аҧсабара аира аанарҧшуеит ҳәа.
Ари амш Амра аныҳәа иазкуп уҳәар ауеит. Жәытәла уи гәырӷьарала, еиуеиҧшым ахәмаррақәа мҩаҧго иаҧылон. Реиҳа ихадаразгьы амцақәа реиқәҵара акәын, амра аҧхара иасимволны. Аҧсуаа ишыршьоз ала, амца еиуеиҧшым амч лашьцақәеи агәнаҳарақәеи рҟынтәи аҽрыцқьара иатәын.
Амра аныҳәа ала иаҧылон адгьылқәаарыхра аамҭа ааира, адгьылқәаарыхратә усқәа рымҩаҧгара. Аҵарауаҩ Римма Ҳашба ишазгәалҭоз ала, адгьылқәаарыхра аамҭа иаҧылон аҵиаақәа рынцәахәы Ҭаргьалаз изкны имҩаҧыргоз аныҳәарала. Иара убасгьы, Ҭаргьалаз мыш ӷьарсуп (хықәкыла иарбан рыцхәу еилкаам). Абри аҽны изакәызаалак ҵлак, ҵиаак аҧҟара ҟалом, иҵасым. Уи аӡәы ихишьаауеит ҳәа далагар, аҧсабара арҵәааҳәа иҳәҳәоит ҳәа ирыҧхьаӡон. Насгьы ари амш мышшьарак азгәаҭара иаҩызан, аӡәгьы аус иур ҟаломызт, ауҭраҿгьы ҵиаак ыҵырхуамызт, ажәқәа рхьомызт, аҳәарақәеи дареи еицҵаны ирышьҭуан.
Иҟазшьарбагоуп, ари анцәахәы – Ҭаргьалаз (Мҭаргьалаз, Хҭыргьалаз изкны ҧшьашаҽнык ҩынтә аныҳәара ахьымҩаҧыргоз: ашьыжьымҭан шаанӡеи ахәылбыҽхеи. Аныҳәара мҩаԥыргон аџьҵла амҵан.
Аҧсуаа ҳҟнеиҧш адыга мифологиа аҟынгьы иуҧылоит аҵиаақәеи аарыхреи рынцәахәы. Уи ихьӡгьы аҧсуаа ирзааигәоуп – Ҭҳәагәалыџь (Ҭхагаледж). Ауаҧсаа рҟны – Таранджелос. Уи функциа хадас имоу аҽаҩра, аиҳаракгьы ача аарыхроуп.
А. Иоакимов ари анцәахәы Хыдыр-Еллаз ҳәа зыӡбахә иҳәо диеиҧшуп. Аишьцәа Хыдыри Еллази (Хтырлаз) есышықәса адунеи иакәшарц ицоит, шықәсык ахь знык урҭ ҭыҧк аҟны еиқәшәоит. Дара анеиқәшәо амш азы иахьабалак ҭынчразароуп, урҭ рыҧсы ршьарц, акы иамыргәамҵырц азы.
Аҧсуаа рдунеихәаҧшраҿы иҟоуп ааҧынтәи амра агылара иазку даҽа ажәеицааиракгьы – "ақәыџьма аӡы ианҭабылгьо" - аҽрыцқьара иадырганы. Иазгәаҭатәуп, жәытәла ахәылҧаз абарбал асахьа змаз акы амца аркны ашьхантәи аӡахьы ишылбааргоз, аӡы ишҭарҵоз. Ас еиҧш атрадициа рыманы иаҳҧылоит аславианцәеи, акельтцәеи, анемеццәеи.
Аҧсуаа ртрадициаҟны егьырҭ ажәларқәа рҟнеиҧш, амра акульт аҵак ду аманы иаарҧшуп. Ааҧынтәи амра агыларагьы ныҳәак еиҧш иаҧылон. Иахьа уи иацәынханы иаанхаз азгәаҭарақәак роуп. Иаҳҳәап, аҵхи амши анеиҟароу аҽны амш зеиҧшроу ала игәарҭоит раарыхрақәа, рҽаҩра иаҧеиҧшхаша – иаарҩарахо, иӡысаамҭахо. Арҭ ахымш рыҩнуҵҟа (март 19-21) ақәа леиуазар, иӡысаамҭахоит рҳәоит, амра ҧхозар – иаарҩарахоит. Иара убас, арҭ амшқәа шцо еиҧш ауп уи иашьҭанеиуа даҽа 40 мшы амшгьы зеиҧшрахо: ихьҭазар – ахьҭа ҿазаауеит, иҧхарраз – аҧхарра ацзаауеит. Ари амш инаркны аҵх иаҳа-иаҳа иагхалоит, амш иазҳалоит.