Ажьиԥҳа: Галаа рхатәы бызшәа шьаҭас иҟаҵаны арҵага шәҟәқәа ҷыдала ирзеиқәыршәатәуп
"Гал араион аҿы ахәыҷқәа ашкол ахь ианнеиуа аурыс бызшәагьы рыздыруам аԥсшәагьы рыздыруам, убри аҟнытә ҩ-бызшәак реицҵара даара ауадаҩра цәырнагоит. Ахәыҷы бызшәак бзианы ианиҵалак ашьҭах ауп аҩбатәи абызшәа аналагалатәу. Ус еиԥш иҟоу аметодика Гал ашколхәыҷқәа рзы иазгәаҭаӡам, араҟа аԥсшәа аҩбатәи бызшәа аҳасабала ираҳҭоит, аха аԥсуа дара рзы итәым бызшәоуп. Абарҭ аҷыдарақәа зегьы азгәаҭаны хазы иҟоу арҵага шәҟәы ыҟаӡам. Галаа рхатәы бызшәа шьаҭас иаҭаны арҵага шәҟәқәа еиқәыршәам, дара иҟауҵозаргьы хымԥада, актәи акласс инаркны иалагалатәуп. Ари аус анагӡаразы ԥынгыла ҳамаӡам, ҳанцәажәо ҳалацәажәоит, аха аус аҟны ҳаннеилак, ҳаангылоит.", - азгәалҭеит Ажьиԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.