"Ҿыц иҳаргыло аԥсуа ҳәынҭқарра ҳдиаспора рыдгылареи рыцхыраареи ыҟамкәа, хымԥада, ибжатахоит. Иҟоуп арепатриациа акгьы алшом, аҵыхәа ԥҵәеит ҳәа изыԥхьаӡо, аха уи ус акәӡам. Ҳаԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа даара ирацәоуп", - иҳәеит иажәахә аҿы Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр Дбар Беслан.
Дбар: аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы ҳдиаспора иӷәӷәоу аҭыԥ ааннакылоит
"Ари аилак иаҳа ианыуадаҩыз аамҭақәа рзы ишьақәыргылан. Ҳажәлар усҟан ҳашмаҷыз ҳхаршҭны, дазусҭазаалакгьы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иаауаз ҳашьцәа роуп ҳәа ҳрыхӡыӡаауан, урҭ ҳамчқәа еиздырҳауан. Уажәшьҭа, аихсыӷьра аамҭақәа аныҟала, ҳхымҩаԥгашьақәа рҽеиҭаркит. Сара еснагь исҳәоит, ҳдиаспора, шәыда ԥсыхәа Аԥсынра иамаӡам", - иҳәеит иқәгылараҟны Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.
Ҳаџьымба: аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа рыда ԥсыхәа ҳамам
"Ҳара абра иеизазгьы, изымаазгьы, иаҳдыруеит, ҳабжьара иҟоуп 200-ҩык раҟара, Аԥсны иааны ицаз. Аха егьырҭ зегьы, 25 шықәса раахижьҭеи ианыцәгьоугьы ианыбзиоугьы ара инхаз, абри ахьанҭара шьҭаҳхындаз ҳәа иҟоу зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит", - иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Ҭаифун Арӡынба.