Аԥсуа журналистцәа Аахыҵ Уаԥстәыла амедал ранаршьеит

© Foto / Роберт ЛомияАжурналист Гурам Амқәаби Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви
Ажурналист Гурам Амқәаби Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ажурналистцәа амедалқәа ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Анатоли Бибилов.

АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи ажурналистцәа Гурам Амқәаби Роберт Ломиеи "Аахыҵ Уаԥстәыла жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьараҿы аиааира 10 шықәса ахыҵра" амедал ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит ртәыла ахада Анатоли Бибилов.

Аԥсуа телехәаԥшра аоператор Роберт Ломиа абри амедал ианашьан хәажәкыра 20 рзы, аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра "ИР" ашьаҭаркра 25 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны.

Боциев: Аахыҵ Уаԥстәыла аурыс ир рфырхаҵара рхашҭуам

Гурам Амқәаб аҳамҭа инапаҿы иркын хәажәкыра 25 рзы Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

"2008 шықәса рзы Гурам Амқәаби Роберт Ломиеи ҳреспубликахь инеиз раԥхьатәи ажурналистцәа иреиуан. Сара иҭабуп ҳәа расҳәоит иҟарҵаз адгыларазы", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Ажурналист Гурам Амқәаб - Sputnik Аҧсны
Гурам Амқәаб: ахә ҳаракны исшьоит урыстәылатәи ажурналистцәа русумҭақәа

Гурам Амқәаб иҭабуп ҳәа ахиҳәааит Анатоли Бибилов ианеишьаз аҳамҭа.

"Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Георги Келехсаеви Роберт Кулумбекови аахыҵ-уаԥстәылатәи аителерадиоеилахәыреи ҳара ҳарҿиаратә еиныррақәеи рырҿиаразы иҟарҵаз рлагала ду азы", - азгәеиҭеит Амқәаб.

"Аахыҵ Уаԥстәыла жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьараҿы аиааира 10 шықәса ахыҵра" амедал шьаҭаркын 2018 шықәса, нанҳәа 17 рзы. Уи ранаршьоит Аахыҵ Уаԥстәыла ахьчаҩцәеи уи ахьыԥшымра ашьақәырӷәӷәараҿы алагала ду ҟазҵаз ауааи.

Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра еилгеижьҭеи аа-шықәса аҵра иазкыз ателецҳа мҩаԥган

Ажәабжьқәа зегьы
0