Гурам Амқәаб: ахә ҳаракны исшьоит урыстәылатәи ажурналистцәа русумҭақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАжурналист Гурам Амқәаб
Ажурналист Гурам Амқәаб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2008 шықәсазтәи Цхинвалтәи ахҭысқәа ирызкны ажурналист Гурам Амқәаб иҭихит аҳәаанырцә инаркны зықьҩыла ахәаԥшцәа ирбаз адокументалтә фильм "Ночь длиною в жизнь".

Аԥсуа журналистцәа аибашьра ахҭысқәа шаадырԥшуази афильм аҭыхра аидеиа шцәырҵызи дрылацәажәеит афильм автор Гурам Амқәаб. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит ҳкорреспондент Рада Ажьиԥҳа.

– Аибашьра иадҳәалоу алацәажәара уадаҩуп. Гурам Артем-иԥа, Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра иалагеит ҳәа шԥашәәаҳаи?

– Ҭаацәала Кисловодск ҳаԥсы ҳшьон. Ашьыжь ателевизор аҿаҳкызар, урыстәылатәи аканалқәа зегь рыла ажәабжьқәа рҳәара иаҿын. Аибашьра ишалагаз аадырит. Ҳҽааизакны Аԥсныҟа ҳхынҳәит. Мышқәак ааҵуаны аоператор Роберт Ломиеи сареи Цхинвалҟа ҳцеит аматериал аиқәыршәаразы, ҳаиашьаратә республикаҟны имҩаԥысуаз аиаша аҳәаразы.

Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәарҭа. - Sputnik Аҧсны
Боциев: Аахыҵ Уаԥстәыла аурыс ир рфырхаҵара рхашҭуам

– Аԥсуа журналистцәа Цхинвалтәи аибашьра ишԥахцәажәоз? Сара издыруеит АГТРК аколлектив Цхинвалтәи рколлегацәа рзы авидеокамера аархәарц аԥара шеизыргоз.

– Дареи ҳареи уаанӡагьы аинырра бзиа ҳаманы ҳаҟан, хаҭала Ателерадиоеилахәыра ахантәаҩы Роберт Калумбековыи сареи. Аибашьра ианалага ҳаимадара аанкылахеит. Аамҭақәак рышьҭахь Роберт аҭел дасит: "ара зегьы даара ибааԥсуп" иҳәеит. Иара усҟан ҩнык аподвал аҟынтәи аҭел дасуан. Абри ашьҭахь ауп уахь ацара анаҳаӡба. Ҳара ҳаннеи ақалақь ахы иақәиҭыртәхьан, аха ана-ара аҩнқәа былуан, ақалақь ацентр аҿы абылра иаҿын атанк. Иаҳԥылоз ауаа акыр ишәаны иҟан. Аибашьра ҭынч ицәаз ақалақь иаалырҟьаны иарҿыхеит. Шәҩыла ацәа изалымҵыкәа рыԥсҭазаара иалҵит. Иблын ауниверситет, амузеи, абиблиотекақәа, ашколқәа, архивқәа, афилармониа.

– Шәфильм аҭыхра шәышԥалагеи? Афильм "Ночь длиною в жизнь" ажурналисттә текст зацми?

– Аҭыхрақәа Цхинвал ҳашналалаз ҳрылагеит. Иаабоз-иҳаҳауаз ҭаҳхуан. Акыр ҳара иаҳхысыз аибашьра ҳгәаланаршәон. Аоператор иасҳәеит – зегь ҭыхтәуп. Аҭыԥантәи ауааԥсыра аинтервиу рымысхуан. Исыӡбеит ажурналисттә текст аҭахӡам, афильм аҿахәы иара иаҳәартә иҟоуп ҳәа.

Ателецҳа - Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра еилгеижьҭеи аа-шықәса аҵра иазкыз ателецҳа мҩаԥган

– Афильм убар абалшои?

– Аинтернет аҟны. Лассы-лассы АГТРК аҟны иддырбоит. Иддырбахьеит Уаԥстәылатәи ателеканали Урыстәылатәи ателеканалқәаки рҟны. Афильм "Ночь длиною в жизнь" аԥхьахәқәа анаршьахьеит. Аканал BBC аҟны иддырбараны иҟан, аха уаҟа европатәи ауаажәлар асеиԥш ихьанҭоу афильм ахәаԥшра иазыхиам рҳәеит.

– Аҭыхрақәа раан еиҳа ишәгәалашәо инхазеи?

– Зегь уадаҩуп, аха иналкааны сгәалашәараҿы дынхеит аӡӷаб хәыҷы. Уи лаҳәшьеи лареи аподвал аҟны рҽырҵәахуан. Лара илҳәон дышшәоз уахь ақырҭуа солдаҭцәа неир ҳәа, иршьыр ҳәа. Иара убасгьы акыр иуадаҩын ԥшьҩык зхәыҷқәа рыхьчара зҽазызшәоз ан лҭоурых азыӡырыҩрра. Лыԥҳаиҳаб аснаиперцәа дыршьит. Лара егьырҭ еиқәлырхарц аԥсы махәқәак налықәҵаны Роктәи ашьхахыҵырҭахь лхы лырхеит. Уи лхы илзанажьуамызт лхәыҷы анышә дахьамалымдаз, аха дзызхәыцуаз инхаз реиқәырхаракәын. Сара исҭахын ауаԥс жәлар ргәырҩа, ргәаҟра иныҭкааны аарԥшра.

– Аԥснытәии, Урыстәылатәии, аҳәаанырцәтәии ажурналистцәа русура иахышәҳәаауазеи? Иабанӡаобиективыз ринформациа?

– Аиҳаракгьы ахә ҳаракны исшьоит урыстәылатәи ажурналистцәа русумҭақәа. Иуадаҩыз аҭагылазаашьаҟны дара адунеи ауааԥсыра аиаша рызнагара рҽазыршәон.

Ажәабжьқәа зегьы
0