Аурыс ԥшыхәыҩцәа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа" дҭадырхеит

© Foto / Пресс-служба ЮВОАладатәи арратә округ иатәу аурыс арратә база аԥшыхәыҩцәа
Аладатәи арратә округ иатәу аурыс арратә база аԥшыхәыҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арратә ҽазыҟаҵарақәа аполигон "Ҵабал" аҟны имҩаԥысуеит. Урҭ ирылахәуп 500-ҩык инарзынаԥшуа аԥшыхәратәи иҷыдоу аиҵашарақәеи рҟынтәи аруаа.

АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Аладатәи арратә округ иатәу аурыс арратә база аԥшыхәыҩцәа ирбеит, иагьықәырхит Аԥсны ашьхарақәа рҿы иҵәахыз "аӷа" иҭыԥқәа, абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Учения ЮВО в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә округ аминаршәыҩцәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

"Аӷа" иԥшаара абзоурахеит аԥшыхәратә постқәеи, ацәҟьақәеи, қәҿиарала имҩаԥыргаз ахаԥраарақәеи ирыбзоураны. Иҵәахыз атехникеи аршьаҟауааи рықәхразы рхы иадырхәеит анаҩстәи абџьар: БТР-82АМ, ашәақьқәа "Винторез", апулемиотқәа "Печенег", автоматқәа АК-74.

Арратә ҽазыҟаҵарақәа аполигон "Ҵабал" аҟны имҩаԥысуан аԥышәа змоу азыҟаҵаҩцәа рнапхгарала. Рхы иадырхәон ҳаамҭа иақәшәо атехникатә хархәагақәа, иаҳҳәап аԥшыхәреи, анапхгараҭареи, аимадареи рзы иеиҭаҵуа акомплексқәа "Стрелец", иара убас пилотда иԥыруа аппаратқәа ркомплексқәа.

Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 500-ҩык аруааи 50 цыра аибашьыгатә техникеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0