Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа Искандер иҩымҭала иҭыххо афильм азы: Аԥсны акультура азхаҵара иацхраауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа
Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа Аҟәа абрифинг аҟны иазгәалҭеит Искандер иҩымҭала иҭыххо афильм егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны Аԥсны акультура азхаҵара аус иацхраауеит ҳәа.
Арсалиаԥҳа Искандер иҩымҭала иҭыххо афильм азы: Аԥсны акультура азхаҵара иацхраауеит

"Искандер иҟазара убасгьы даара акинематограф ианыԥшит. Иҩымҭақәа рыла аурыс режиссиорцәа иҭырхыз афильмқәа идырбеиеит акинематограф. Убри аан арежиссиорцәа иазгәарҭоит шаҟа имариам Искандер иҩымҭақәа атеатр, акино абызшәақәа рахь аиагара, аха зегь акоуп рҽазыршәоит, азҿлымҳара рырҭоит. Даара ҳаигәырӷьеит еицырдыруа ауаԥс режиссиор Аслан Галазов 2016 шықәсазы Искандер ихьӡ зху апремиа ахьианаршьаз, иреиӷьу акиносценари ҳәа иусумҭа ахьалкааз. Иара дихьӡеит Искандер, иирбеит асценари, ашәҟәыҩҩ игәаԥхеит, агәазыҳәарагьы иман мышкызны уи иалхны акино ҭырхырц. Урыстәыла акультура аминистрра афильм аҭыхра агрант азыршеит. Иахьа Аслан Галазов Аԥсны дыҟоуп, Очамчыра Тҟәарчал араионқәа рҟны ҳтеатрқәа рактиорцәа, убасгьы ипрофессионалтәым актиорцәа ахәыҷқәа алархәны афильм ҭырхраны иҟоуп. Иҟалоит убасгьы Урыстәылантә иааԥхьоу актиорцәа. Ашықәс иҭагӡаны афильм аҭыхрақәа мҩаԥгахоит. Даара иаҳҭахуп 2020 шықәсазы аԥсуа хәаԥшҩы ари афильм ибарц. Афильм жәларбжьаратәи афестивальқәа рахь инагахоит. Ас еиԥш иҟоу апроектқәа Аԥсны акультура егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны азхаҵара иацхраауеит", - лҳәеит Арсалиа.

Искандер ирҿиамҭақәа ирылху акинофильм Аԥсны иҭырхраны иҟоуп

Фазиль Искандер иҩымҭа "Чик ихәыҷра" ала Аԥсны асахьаркыратә фильм аҭыхрақәа мҩаԥгахоит. 2018 шықәсазы арежиссиор Аслан Галазов Урыстәыла акультура аминистрра агрант даиааит.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0