Урыстәыла ААР рмаҵзурауааи Росгвардиа аруааи Аԥсны аԥсшьара азин рымоуп

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла ААР рмаҵзурауааи Росгвардиа аруааи Аԥсны аԥсшьара азин рымоуп
Урыстәыла ААР рмаҵзурауааи Росгвардиа аруааи Аԥсны аԥсшьара азин рымоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәсазтәи акурорттә сезон аламҭалаз атуроператорцәа Рассоциациа аекспертцәа Урыстәыла аруаа, Атәылахьчара аминистрра аграждантә усзуҩцәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Росгвардиеи рсистемаҿ аус зуеи рыԥсшьараз ззин ҟаҵо атәылақәа рганахь ала аинформациа еизыркит.

АҞӘА, хәажәкыра 27— Sputnik. Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыррамаҵзурауааи Росгвардиа аруааи Аԥсны аԥсшьара азин рымоуп ҳәа аанацҳауеит АТОР.

Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыррамаҵзурауаа рганахь ала 2019 шықәсазы аус аулоит 2017 шықәса ԥхынҷкәын 26 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапы зҵеиҩыз Адҵа. Адҵаҿы иарбоуп ААР аусзуҩцәа рыԥсшьара ахьалшо, ишәарҭаданы иԥхьаӡо атәылақәа 13 рсиа.

Аҳәаанырцә ааигәа атәылақәа рҟынтәи асиа  иалашәеит Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Узбекистан, Туркменистан, Таджикистан. Атәыла харақәа рҟынтәи – Виетнам, Китаи, Куба.

Росгвардиа аруааи, аусзуҩцәеи, аграждантә персоналии рганахь ала аус ауеит 2017 шықәса абҵара 4 рзы анапы зҵаҩыз Адҵа. Ари асиа Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рзы иазырхио асиа иақәшәоит, иацҵо Мальдивтәи Ареспублика заҵәык ауп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0