Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит: иҟоуп иҭахаз

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в зоне карабахского конфликта
Ситуация в зоне карабахского конфликта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟарабахтәи аимак азонаҿ хәажәкыра 26 рзы аҭагылазаашьа уадаҩхеит.

АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Азербаиџьани Ашьха Ҟарабахи рырратә усбарҭақәа рдыррақәа рыла аимак аҵархара иахырҟьаны аруаа рыбжьара иҟоуп аԥсыҭбарақәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Урыстәылеи Азербаиџьани рдоуҳатә ԥхьагылаҩцәа Ҟарабах азҵаара иалацәажәоит

"Хәажәкыра 26 шьыжьы инаркны Ермантәыла арратә мчрақәа еиуеиԥшым апровокациақәа мҩаԥыргон аидыларатә цәаҳәа иахьаҵанакуаз аҭыԥқәа рҿы. Аӷа иганахьынтәи ахысрақәа иҟаз ирхырҟьаны афронт Физулинтәи ахырхарҭаҿы дҭахеит Азербаиџьан арратә мчрақәа рыруаҩ Еллезов Еллез Аледдин оӷлы", - ҳәа аанацҳауеит Азербаиџьан атәылахьчара аминистрра.

Ашьха Ҟарабах атәылахьчара аминистрраҿы ари аҳәамҭа хҳәаа арымҭеит. Ахашаҽны иҟарҵаз адыррала ахәра зауз ареспублика аррамаҵзурауаҩ иԥсҭазаара далҵит.

"Аҩаша, хәажәкыра 26 асааҭ 18:40 рзы Ҟарабах арратә хәҭақәа руак аррамаҵзурауаҩ, 1998 шықәса рзы ииз Ара Аракелиан макьаназ еилкаам ахҭыс иахырҟьаны ахәра иоуит. Аамҭақәак рышьҭахь иԥсҭазаара далҵит", - ҳәа аҳәоит арратә усбарҭа адырраҿы.

Ашьха Ҟарабах азы Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара аимак ахы цәырнагеит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР иалҵуеит ҳәа аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь.

1991 шықәса цәыббрамзазы Ашьха Ҟарабахтәи автономтә област аҳҭнықалақь Степанакерт ирылаҳәан Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика аԥҵара. 1992 шықәса раахыс аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит аимак аҭышәныртәаларазы. Аганқәа рыҩбагьы дасу иинтиресқәа ихьчоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0