Аԥснытәи ахәыҷбаҳчақәа реиҳарак аремонт рҭахуп

CC0 / / ахәыҷбаҳча
ахәыҷбаҳча - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба 2018 шықәса рзтәи аҳасабырба ҟаиҵеит Аминистрцәа реилазаара аҿаԥхьа.

АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликаҿ иҟоу ахәыҷбаҳчақәа реиҳарак аремонт рзутәны иҟоуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба 2018 шықәса рзтәи аҳасабырба Аминистрцәа реилазаара аҿаԥхьа иҟаҵо.

Аԥсны аус руеит 39 ҳәынҭқарратә хәыҷбаҳча ҳәа азгәеиҭоит Адгәыр Какоба.

"39 хәыҷбаҳча рҟынтәи рыбжара рҟынӡа иахьатәи астандартқәа ирықәшәо иҟоуп, аха иаанхаз егьырҭ ахәыҷбаҳчақәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рҭахны иҟоуп. Арахь иаҵанакуеит ахәыҷбаҳчақәа: "Мрамза" (Гагра), "Алашарбага" (Гәдоуҭа), "Алашара", "Аԥра" (Аҟәа), Гал араион аҿы иҟоу ахәыҷбаҳчақәа", - иҳәоит иара.

Очамчыра ақалақь аҿы иахьа аус зуа хәыҷбаҳчак ауп, аха 2019 шықәса рзы ихыркәшахароуп Аинвестпрограммала идыргыло ахәыҷбаҳча.

"Аминистрразы иуадаҩу зҵаараны иҟоуп аҭыԥқәа рзымхара. 2018 шықәса рзы 2354 рзаҳал рҟынтәи иҳазҳадкылаз 1172 роуп", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Какоба: аҵара асистема аиӷьтәра уадаҩуп ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаара ӡбамкәа

Аԥсны 155 зеиԥшҵаратә усҳәарҭа аус руеит: 145 бжьаратә школ, инаӡам абжьаратә школқәа 8, алагарҭатә школқәа 2. Урҭ рҟынтәи 59 аԥсуа школ, 16 аԥсуа-аурыс школ, 45 аурыс школ, 25 ерман школ, 10 қырҭуа школ.

Адгәыр Какоба иара убасгьы иазгәеиҭеит арҵаҩцәа разымхара. Адефицит иартәоит 500-ҩык арҵаҩцәа. Аԥснытәи ашколқәа ирҭоуп 27 387-ҩык аҵаҩцәа ҳәа азгәеиҭоит Какоба.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0