00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
13:58
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
12 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
12 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
2 мин
Взаимный интерес
"Посольство" молодежных инициатив: как за год изменился диалог Абхазии и России
14:03
26 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
Женевские дискуссии: итоги 68 раунда
14:47
11 мин
Дополнительное время
Новый уровень художественной гимнастики: итоги международного турнира
14:58
13 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аицәажәара
Аҟәатәи априаник аиреи, иахьатәи аԥсҭазаашьеи: атехнолог-аԥҵаҩы иҿцәажәара
18:17
25 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
"Посольство" молодежных инициатив: как за год изменился диалог Абхазии и России
18:52
26 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Евроеидгыла Израиль асуверинитет Голантәи аҳаракырақәа аҵанакуеит ҳәа иазханаҵом

© AFP 2023 / ODD ANDERSENЕвроеидгыла
Евроеидгыла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америка ахада Дональд Трамп Израиль аԥыза–министр Биниамин Нетаниаху иалахәрала Голантәи аҳаракырақәа Израиль ишатәу азы адекларациа инапы аҵаиҩит хәажәкыра 25 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Евроеидгыла Израиль асуверинитет Голантәи аҳаракырақәа аҵанакуеит ҳәа ишазханамҵо азы официалла аҳәамҭа ҟанаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҳәаанырцәтәи аусқәеи аполитикеи ашәарҭадареи рзы Евроеидгыла ахада Федерика Могерин лажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Голантәи аҳаракырақәа рганахь ала Евроеидгыла апозициа аҽаԥсахуам. Жәларбжьаратәи азини ООН Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциақәа 242, 497 инарықәыршәаны Евроеидгыла Израиль асуверинитет Голантәи аҳаракырақәа аҵанакуеит ҳәа иазханаҵом", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Голантәи аҳаракырақәа Шьамтәыла иахәҭакын 1967 шықәса рҟынӡа. Уи ашьҭахь арҭ аҳаракырақәа Израиль анапахьы иаанагахьан, аибашьрақәа ирылҵшәаны.

Анаҩс, 1973 шықәсазтәи аидыслара ашьҭахь, еицеиқәшаҳаҭны аҩ-ҳәынҭқаррак рарбџьармчқәагьы алыргахьан. 1974 шықәсазы ЕАР аҭынчреиқәырхаратә ар алагалан. 2013 шықәсазы атеррористцәа аналала ашьҭахь, ЕАР рымчқәа арҭ адгьылқәа рҟынтәи иқәыргеит.

2018 шықәсазы Шьамтәыла Израиль иазааигәоу апровинциа Ель-Кунеитра анапахьы иаанагеит. Убри ашықәсазы ЕАР аҭынчреиқәырхаҩцәа ҩаԥхьа ари азона ахылаԥшра иалагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0