"Аҵла цқьа" ҳәа изышьҭоу ахьаца

Анапаҵаҩра
"Аҵла цқьа" ҳәа ззырҳәо ахьацаҵла аҭоурых ҳадылгалоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы ахьацаҵла (урысшәала "граб") иалкаау аҭыԥ азыԥҵәоуп. Иара ажәлар ирылаҵәаз азгәаҭарақәа рыла "ҵла цқьоуп", амацәыс асӡом. Аԥсуаа ахьаца иахӡыӡаауан, шамахамзар аиха адыргаломызт. Рыҩны-ргәараҭаҿы иазҳауазар, иахьчон. Ирымамзар, иааганы рыҩны азааигәара еиҭарҳауан. Иҟалалон ахьаца аӡахәа анақәырҵозгьы.

Аҵәассаҵла - Sputnik Аҧсны
Алаԥш цәгьа уацәызыхьчо аҵәассаҵла

Ахьаца "аҵла цқьа" аҳасабала акульт ахьыҳаракыз аҟнытә иҳаҩсыз ашәышықәсақәа раан аԥсуаа анхара андыргылоз ахьацалых адзар, ма ҩнымаҭәаны иҩнагылазар, зеиԥшыҟам хыхьчаган. Аха ус еиԥш изыҟамлазар, амш анеиласлак адыд-амацәыс аҽацәыхьчаразы аҭаацәара иреиуоу аӡәы дцаны ахьаца амахә ԥҵәаны аҩныҟа иааигон.

Иара убас, ажәытәан мҩа харак ианықәлоз, рымҩаныфа ахьаца махә ацҭарҵон, амҩан амш цәгьа рыхҭыгәлар, иахьчаразы. Ахьаца, егьырҭ аҵлақәа реиԥш, цәҟьарас иҟаҵаны уеихсыр, ҵасмызт. "Амацәыс ахьаца ишамысуа еиԥш, ауаҩгьы аҳаҭыр ибалароуп" рҳәон.

Џьениа аҷандарҵла иазкны: аԥааимбарцәа рыҵла ҳәа иашьҭоуп

Аԥсуаа ргәаанагарала, анцәа иан д-Хьециаԥҳауп аҟнытә, ахьацаҵла амацәыс асуам. Убри инамаданы ижәытәӡатәу аԥсуа жәлақәа иреиуоу Хьециаа рыжәла "аҵла цқьа" ахьаца аҟнытә ишьақәгылеит, рыжәла иагьасимволуп ҳәа азырыԥхьаӡоит.

c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

Аҵарауаҩ Акаба Лили Хәыршьыҭ-иԥҳа лусумҭақәа руак аҿы ишазгәалҭо ала, ахьаца ҵлақәа рымҵан аԥсуаа аныҳәарақәа рымҩаԥгарҭан. Иаагозар, абжьыуаа рҟны ахьаца иадҳәаланы имҩаԥыргоз аижәлантә ныҳәара аҩажәатәи ашәышықәсанӡа еиқәырханы ирыман Тҟәарчал ақалақь инхоз Аргәынаа. Ирныҳәарҭа ҭыԥын Лашькьындар ашьха амҵа иазҳауаз ахьацаҵла. Абри аҵла ауаҩы ишәара инаҟараны метрак аура змаз аӷәы адчаԥалан. Иныҳәарц иааиуаз зегьы абри аӷәаҿы аԥара аанрыжьуан, ирбылуан ацәашьқәа.

Абас аҵлақәа зегьы инарылкааны зымшьҭа бзиоу, ауаҩы аԥсабаратә цәырҵрақәа дырцәызыхьчо ахьацаҵла иахьазынгьы аԥсуаа ҳҟны иамоу аҳаҭыр ҳаракы ацәымӡыц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0