Алавердиан: аполитика иахҟьаны "Каданс" аицлабраҟны аиашамра иақәшәеит

© Sputnik Ансамбль "Каданс" аҽазыҟаҵараан
Ансамбль Каданс аҽазыҟаҵараан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль-еицлабра "Иаарту Европа – иаарту апланета" иалауреатхеит уи иалахәыз Аҟәатәи ахәыҷтәы музыкатә ансамбль "Каданс". Аицлабра мҩаԥысуан Москва, хәажәкыра 27-31 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ахәыҷтәы музыкатә ансамбль "Каданс" жәларбжьаратәи аицлабра "Иаарту Европа – иаарту апланета" аноминациа "Аестрадатә вокал" аҟны III аҩаӡара иалауреатхеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ансамбль анапхгаҩы Алик Алавердиан.

Алҵшәа бзиа ахьроузгьы, ансамбль аиҳабы аицлабра амҩаԥгашьа игәамԥхеит. Иара иажәақәа рыла, аӡбаҩцәа Аԥснытәи ансамбль ақәгылара иақәнагаз ахәшьара арымҭеит.

"Сара схәыҷқәа аполитика иахҟьаз аҭагылазаашьа уадаҩ иақәшәеит. Ажиури зегьы, агәыԥ "На-на" алахәылаҩ Владимир Лиовкин ида, шьақәгылан европатәи аӡбаҩцәа рыла. Уи ахантәаҩыс даман Латвиантәи аԥҳәыс. Лара Қырҭтәыла аҵакыра акзаара ӷәӷәала дадгылоит. Иара убас, ҳара ҳақәгылар акәын ахәылбыҽха асааҭ 8 рзы, аха ҳаамҭа ахыргеит 22:30 рҟынӡа. Аха ус егьа иҟазаргьы, схәыҷқәа ирылшозгьы ирылымшозгьы зегьы аарԥшны, ибзиаӡаны иқәгылеит. Урҭ убас иқәгылеит, тәамбашақә зхы ҳзырбоз ажиури алахәылацәаҵәҟьагьы рыччаԥшь рзынкыломызт, иахьтәаз акәашара иаҿын. Ҳақәгылара аԥхьагьы, "Каданас", Сухум, Россия" ҳәа ҳрыларҳәеит. Уи ансаҳа, асценахь сцәырҵын, Аҟәа - Аԥсны Аҳәынҭқарроуп ҳәа сҳәеит, ҿыцны ҳрыларҳәартәгьы ҟасҵеит. Уигьы згәамԥхақәаз рацәаҩхеит. Абас, аки-аки еицылеит. Нас ргәаӷ ахәыҷқәа рыла ирхыргеит", – рыхҭыс дазааҭгылон ансамбль аиҳабы.

Рықәгылара ашьҭахь Владимир Лиовкин асценахь дхаланы ирҽхәеит, иреиҳаӡоу ахәшьарақәа шырзықәиргылаз реиҳәеит. Аха аӡбара алҵшәақәа зеиԥшрахоз аҳәара ицәыуадаҩын.

Ансамбль Каданс. Репетиция - Sputnik Аҧсны
Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҿы "Каданс" аиааира агеит

Алавердиан иажәақәа рыла, иареи ихәыҷқәеи рзы ихадараз "Каданс" Аԥсны ахьӡалеи ҳбираҟ аҵаҟеи ақәгылара ахьрылшаз ауп.

"Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп абас еиԥш зыхьӡ нагоу аицлабраҟны ақәгылара, ҳбаҩхатәра дырбара. Ибзианы иаҳдыруан, ҳаиааиргьы, европатәи аҳәынҭқаррақәа ԥыҭк рахь ҳпаспортқәа рыла ацара шҳалымшоз, аха ас ҳхәыҷқәа рызныҟәара ламысдароуп. Ҳазлахәаԥшуа ала, иреиӷьӡоу аҭыԥ ҳаԥсан. Ахәыҷқәа ргәы каҳаит, иҵәуеит, аха ԥытрак ашьҭахь ргәалаҟара еиӷьхеит. Шаҟа иаҳԥырхагоу аҟара - еиҳагьы ҳаӷәӷәахоит", – иациҵоит Алавердиан.

Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль-еицлабра "Иаарту Европа – иаарту апланета" аҟны далыркааит "Каданс" алахәылаҩ Софиа Ҭарԥҳа, уи илоуит ахԥатәи аҩаӡара адиплом.

"Азамаҭ", "Исхароузеи": "Каданс" асолотә концерт шымҩаԥысыз

Аҟәатәи ахәыҷтәы музыкатә ансамбль "Каданс" злахәыз Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль-еицлабра "Иаарту Европа – иаарту апланета" мҩаԥысуан Москва, хәажәкыра 27-31 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0